Аԥсны акультуратә усҳәарҭақәа русура хацдыркыр алшоит

Атеатрқәа, амузеиқәа егьырҭ акультура аусҳәарҭақәа русура аанкылан жьҭаара 15, 2020 шықәсазы антиковидтә усмҩаԥгатәқәа аналаргала ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Жәабран 9 рзы Аҟәа имҩаԥысыз Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба Аԥсны акультуратә усҳәарҭақәа русура хацдыркыр алшоит ҳәа иҳәеит.

Акультура аминистр Гәдиса Агрба иҳәеит дара зегьы русура амҩаԥгара ишазыхиам. Ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа ирықәныҟәо роуп зусура хацзыркыр ауа ҳәа иҳәеит Агрба.

Аԥсны аԥкрақәа алагалан жьҭаара 15 раахыс, ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа бааԥс зеиԥшрахо еиԥш.

Абри аамҭазы акультуратә усҳәарҭақәа уаанӡатәи арежим ала аус руамызт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: