Азеиԥшкрыфара аобиектқәа адәнытә барҵақәа рҿы русура хдыртыр рылшоит

© Sputnik / Акоп Кущян Сухум с коптера
Сухум с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа жәабран 10 рҟынӡа афатә аҩныҟа анагара ада азеиԥшкрыфарҭатә обиектқәа русура аанкылан.

АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Жәабран 15 инаркны асанитартә нормақәа ирықәныҟәо азеиԥшкрыфара аобиектқәа русура мҩаԥыргалар ҟалоит адәнытә барҵақәа рҿы ҳәа иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿ аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба.

Заседание Координационного штаба по эпидобстановке - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Аҵаратә процесс жәабран 15 рзы ихацыркхар ҟалоит

Убри аан иара иазгәеиҭеит ари шалшо аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәамхар ҳәа.

Делба иҳәеит ареспублика аџьармыкьақәа уаанӡа ишьақәыргылаз аграфик ала русура шымҩаԥысло.

Акоординациатә штаб аҟны ахада ажәадгала иҭан ачарақәеи егьырҭ аныҳәақәеи рымҩаԥгара азин ҟаҵамзарц. Иара убасгьы ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы асабрадақәа рныҟәгара хымԥадатәиуп.

Антиковидтә уснагӡатәқәа рыцҵаразы аӡбра идикылоит ахада.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аҵыхәтәантәи аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, ажьырныҳәа 11 рзы. Усҟан аштаб алахәылацәа ахада иахь аҳәара ҟарҵеит аԥкрақәа ирӷәӷәарц, аҿҳәара жәабран 15 рҟынӡа днахарц.

Ахада аԥкрақәа рыҿҳәара арыцхә жәабран 10 рҟынӡа днахеит, аштаб ажәадгалала аԥкрақәагьы ирӷәӷәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0