Аҵаратә процесс жәабран 15 рзы ихацыркхар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба по эпидобстановке
Заседание Координационного штаба по эпидобстановке - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысуеит Аҟәа, жәабран 9 рзы.

АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аҵаратә процесс жәабран 15 рзы ихацыркхар ҟалоит ҳәа рҳәеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы уи алахәылацәа.

В Приморье возобновили обучение детей в малокомплектных школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Аԥснытәи ашколқәа шәкы аҵаратә процесс алагара иазыхиоуп

Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит иҟоу агәаанагарақәа ирхьырԥшны аҵаратә процесс иалагар шалшо.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысуеит Аҟәа, жәабран 9 рзы.

Актәи аетап аан иазԥхьагәаҭоуп ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи алагарҭатә классқәеи раартра. Амчыбжь аҩныҵҟа коронавирустә ҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭара ауа иҟалар, аиҳабыратә классқәа рзгьы аҵара процесс иалагоит.

Ашколқәа раартра ҟалоит аклассқәа рҿы ахәыҷқәа 20-ҩык иреиҳамзар ҳәа иҳәеит аминистр. Иара убасгьы иазгәеиҭеит авирус алаҵәаразы аҭагылазаашьа еицәахар, ашколқәа шеиҭаркхо.

Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба иҳәеит аиҳабыра аҵаратә процесс алагара адгылара шарҭо. Делба иазгәеиҭеит ашәарҭадаратә ҭахрақәа зегьы рықәныҟәара адагьы хымԥада аҵаратә процесс ацҵара аструктура шеиҿкаатәу.

Убри аан иара иҳәеит ахада ажәалагала адгылара аиҭар, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҿы акрыфарҭақәа русура аанкылара инадҳәаланы ахәыҷқәа акрырҿаҵара аиҿкаара ишазхәыцтәу.

Предпремьерный показ спектакля - Кровавая свадьба в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Аԥсны акультуратә усҳәарҭақәа русура хацдыркыр алшоит

Владимир Делба иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи ахымчыбжьа иааубартә ачымазара лаҟәит, уаанӡа иалагалаз аԥкырақәа рылҵшәақәа ааԥшит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аҵыхәтәантәи аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, ажьырныҳәа 11 рзы. Усҟан аштаб алахәылацәа ахада иахь аҳәара ҟарҵеит аԥкырақәа ирӷәӷәарц, аҿҳәара жәабран 15 рҟынӡа днахарц.

Ахада аԥкырақәа рыҿҳәара арыцхә жәабран 10 рҟынӡа днахеит, аштаб ажәадгалала аԥкырақәагьы ирӷәӷәеит.

Аԥсны ашколқәа аркуп жьҭаара 15 раахыс, ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа бааԥс иаҿырԥшны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0