Арадио

Кархалаа Марттәи ажәыларазы: агхақәа ҳгәы ҳдырхьуан, аха аиааира шаагоз ҳдыруан

Агәымшәаразы амедал занашьоу Зураб Кархалаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 28 шықәса раԥхьа март 15-16 рзы Аҟәа ахақәиҭтәраз имҩаԥгаз ажәылара атәы, аибашьцәа уи иадырҳәалоз агәыӷрақәа ртәы.
Sputnik
Кархалаа Марттәи ажәыларазы: агхақәа ҳгәы ҳдырхьуан, аха аиааира шаагоз ҳдыруан

"Марттәи ажәылараз гәыӷрақәак ҳаман. Ианвар азы иалымҵыз аиааира уажәы иалыршахап ҳәа ҳхәыцуан. Амза 15 ауха аӡы ҳарит, хар ҳамаӡамкәагьы ҳнеихьан, аха Цугуровкаҟа ицоз зыманшәаламхеит, хәыҷы-хәыҷла ҳамгьежьыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Аҷкәынцәа ҳацәҭахо иалагеит. Уахыки-ҽнаки аӡы нырцә ҳалахан ҳаҟан, иҟан аибашьцәа зынӡа мчыбжьыкгьы изылымҵызгьы. Аухаҵәҟьа 222-ҩык ҭахеит. Марттәи ажәыларазы "ҳаҷкәынцәа ҭаирхеит" ҳәа зҳәазгьы ыҟоуп, аха уи ҟамлазҭгьы, аиааирагьы ҟаломызт. Зегьы ҳаибашьцәазма? Аибашьраҿы зны уаҵахароуп, зны уаиааироуп. Ажәылара аибашьцәа ргәы аԥхьа иканажьзаргьы, нас иазхәыцны ԥхьаҟа ицеит, ҳара иаҳзыҟамҵаз нарыгӡеит", - ҳәа азгәеиҭеит Кархалаа.

Зураб Кархалаа Марттәи ажәылараан ӷәӷәала дхәын. Аибашьцәа иаадырԥшыз ачҳареи агәымшәареи иабзоураны уи иԥсы ҭаны аибашьра адәаҟнытә иалгара алыршахеит. Арадиоефир аҿы игәаиларшәеит урҭ ахҭысқәа ртәы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: