Аԥсны акриптовалиута амаининг азы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп

Аԥсны амаининг азы азин аанкылан Аминистрцәа реилазаара аӡбарала 2020 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа Аминистрцәа реилазаара аӡбарала.

Аԥсны закәаншьаҭада афымцамч ахархәаразы ахара дырӷәӷәеит

Уаанӡа амаининг-хархәагақәа ралагалара азин ԥкын 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа, иаанкылан иара убраанӡа акриптовалиута арҳарагьы.

Ԥхынҷкәын 8 рзы Аминистрцәа реилазаара аамҭала Аԥсныҟа амаинингтә хархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа. Аминистрцәа реилазаара иара абри ақәҵарала акриптовалиута аиуразы аусурақәа зегьы ааннакылеит.

Аӡбара рыдкылан Аԥсны афымцаенергетикатә ресурсқәа рхархәара аҭышәныртәаларазы, афымцамч адифицит азгәаҭаны, аҳақәа реидара авариақәа рахь ишкылнаго иазхьаԥшны.