Аԥсны закәаншьаҭада афымцамч ахархәаразы ахара дырӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛЭП Яштуха
ЛЭП Яштуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы арҭеит Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы хәажәкыра 3 рзы актәи аԥхьарала.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы арҭеит Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла аԥсахрақәа алагаларазы хәажәкыра 31 рзы аҩбатәи аԥхьарала.

Афымцамч закәаншьаҭада ахархәаразы административтә хара атәылауаа, ахаланаплакыҩцәа, аиурист хаҿқәа ирықәырҵоит киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу аулафахәы ҩеижәа хышәаҵышәала ишьҭыхны дыршәара. Амаҵзурауаа рзы ари ахараԥса еиҭакуп - киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу аулафахәы 1000 хышәаҵышәала ишьҭыхны дыршәара рықәырҵоит. (Иреиҵаӡоу аулафахәы ахышәаҵышәа 60 мааҭ инаӡоит).

Иаку аоператор инапаҵаҟа иҟоу афымцацәаҳәақәа аҽрыԥшьразы, ахархәара азакәаншьаҭа амамзар, аиурист хаҿқәеи ахаланаплакыҩцәеи ирықәырҵоит киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу аулафахәы 40 хышәаҵышәала ишьҭыхны дыршәара. Иара убри аумҭазы амаҵзурауаа киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 3000 хышәаҵышәала ишьҭыхны дыршәара рықәырҵоит.

Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит

Аиҭаҽаԥшьраан административтә хара рхарарҵоит: ахаланаплакыҩцәеи аиурист хаҿқәеи атәылауааи - киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу аулафахәы 50 хышәаҵышәала ишьҭыхны дыршәара, акриптавалиута арҳаразы аҽаԥшьраан амаининг хархәагақәа ықәыргоит, аконфискациа рзыруеит, Амаҵзурауаа – киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 5000 хышәаҵышәала ишьҭыхны дыршәара рықәырҵоит, акриптавалиута арҳаразы аҽаԥшьраан шықәсык инаркны хышықәсанӡа рықәырҵоит. ахархәагақәа ықәыргоит, аконфискациа рзыруеит.

Рмаҵзуратә мчра рхы иархәаны абри аумҭа мҩаԥызго ахаҿқәа шықәсык инаркны хышықәсанӡа рықәырҵоит, шықәсык инаркны ҩышықәсанӡа амаҵзуратә ҭыԥ аанкылара азингьы рымамкәа, ма уи ада.

Ажәабжьқәа зегьы
0