Ашықәс иалагазар урыстәылаа рыбжьара Аԥсныҟа атурқәа рҭахра ҳаракхеит

Урыстәылаа рыбжьара еиҳа аҭахра рымоуп акурортқәа: Ҟәбина Ҟрыми. Урҭ ирышьҭанеиуеит - Калининградтәи аобласти Санкт-Петербурги.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Аԥсныҟа атурқәа раахәара акыр иҳаракуп ҳәа иҳәеит апресс-конференциаҿы амаркетинг азы Level.Travel адиректор Евгени Гинзбург. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Атуроператорцәа еиҭарҳәеит сынтәатәи аԥхынразы Аԥсны аԥсшьара заҟа иаԥсахо

"Аԥсныҟатәи атурқәа рҭахра 5-6 ирызҳаит ашықәс иаалагазар. Ауаа еиҳарак иалыркаауеит иаадыртуа аномертә фондқәа", - иҳәеит Гинзбург.

Адиректор еиҭеиҳәеит уаанӡа лаҵарамзатәи аԥсшьарақәа раан 50% атурқәа Ҭырқәтәыла иазырхазар, уажәы аҩныҵҟатә курортқәа роуп иззырхоу.

"Шәачаҟа атурқәа ииасыз амчыбжь азы 25 процент ихалеит, Ҟрымҟа —43 процент, Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рахь хынтә еиҳахеит", - иҳәоит аексперт.

Гинзбург иазгәеиҭеит хырхарҭа ҳасабла Кипр алырхуа ишалагаз.

"Лаҵарамзазы атуроператорцәа ари атәылахь аԥыррақәа еиҳа иадырбоит. Уажәы уахь атурқәа раахәара 2019 шықәса иаҟараны иҟоуп", - иҳәоит иара.

Иара убасгьы Урыстәыла аԥсшьараз иалырхуеит Мальдивы, Сеишелы, Сербиа. Сербиаҟа аӡынразы ашьхашәҩатә курортқәа рахь ицон, уажәы—спа-курортқәа рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: