Аҩада Ешыра ақыҭан ахаҵа аԥаҩ даҿҟьеит

Амашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны аҭагылазаашьақәа аминистррахь адырра ҟаҵан асааҭ 16:36 минуҭ рзы. Аиқәырхаҩцәа иаразнак аҭыԥахь инеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. 1993 шықәса рзы ииз ахаҵа 30 метра иҟаз аԥаҩ даҿҟьеит, Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭан, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Иазгәаҭоуп, амашәыр шыҟалаз Уаз-Абаа аҵакыраҿы.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥахь хара имгакәа идәықәҵан ашьха-аиқәырхаратә гәыԥи, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәеи.

Ааха зауз ахаҵа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иҭан. Иара асакасала дылбааргеит ареспубликатә мҩаду аҟынӡа, анаҩсан Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит.

Амашәыр зыхҟьаз ҳәа акгьы азгәаҭам.