Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит аԥсуаа рҿы Амшаԥныҳәа иацу ақьабзқәеи аҵасқәеи ртәы

Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аҵарауаҩ-аетнолог Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Амшаԥ аҽны аԥсуаа реидныҳәалашьа атәы, насгьы ажәа ахаҭа хыҵхырҭас иамазар зылшо.
Sputnik
Ашәба еиҭеиҳәеит аԥсуаа рҿы Амшаԥныҳәа иацу ақьабзқәеи аҵасқәеи ртәы

""Амшаԥ алԥха шәымазааит!", "Ҽааныбзиала шәнеиааит!", рҳәоит, егьы ҭакс "Еицҳамаз!", мамзаргьы "Алԥха шәаргьы ишәымазааит!" иҳәоит. Аурысқәа рҿы иҷыда ҟазшьаны иҟоуп Амшаԥ аҽны, уи нахыс 40 мшы аԥсшәа анеибырҳәо игәыдибакылоит хынтә. Аԥсуаа уи аҩыза ҳамаӡамызт. Ари иалагалоу акоуп. Амшаԥы ажәа ахаҭа ахьынтәиаауа атәы ҳҳәозар, уи азҵаара хәыҷык иуадаҩуп, избанзар ҳбызшәа акырӡа зхыҵуа бызшәоуп, уи иамоуп амаӡақәа рацәаны, макьаназы иҭҵаам. Ари аԥсышәа ажәоуп. Иҟалап, имшны ииз аԥа ҳәа акәзаргьы иаанаго, гәырӷьарак лахҿыхрак зцу ак акәны изхәаԥшуа, ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы ԥсахрак, лагалак ҟалеит, убри акәзаргьы ҟалоит иаанаго", - еиҭеиҳәеит Ашәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: