""Амшаԥ алԥха шәымазааит!", "Ҽааныбзиала шәнеиааит!", рҳәоит, егьы ҭакс "Еицҳамаз!", мамзаргьы "Алԥха шәаргьы ишәымазааит!" иҳәоит. Аурысқәа рҿы иҷыда ҟазшьаны иҟоуп Амшаԥ аҽны, уи нахыс 40 мшы аԥсшәа анеибырҳәо игәыдибакылоит хынтә. Аԥсуаа уи аҩыза ҳамаӡамызт. Ари иалагалоу акоуп. Амшаԥы ажәа ахаҭа ахьынтәиаауа атәы ҳҳәозар, уи азҵаара хәыҷык иуадаҩуп, избанзар ҳбызшәа акырӡа зхыҵуа бызшәоуп, уи иамоуп амаӡақәа рацәаны, макьаназы иҭҵаам. Ари аԥсышәа ажәоуп. Иҟалап, имшны ииз аԥа ҳәа акәзаргьы иаанаго, гәырӷьарак лахҿыхрак зцу ак акәны изхәаԥшуа, ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы ԥсахрак, лагалак ҟалеит, убри акәзаргьы ҟалоит иаанаго", - еиҭеиҳәеит Ашәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ашәба Чачхадыл иазкны: аԥсуаа шеишықәсала иныҟәыргоз ҵасуп
- Жәлар рдоуҳа: амшаԥныҳәа аамҭазы аԥсуаа имҩаԥырго ақьабзқәа ирызкны