Ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз: Баграт Шьынқәба диижьҭеи 104 шықәса ҵит

Иахьа, лаҵара 12 рзы Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи 104 шықәса ҵит. Ашәҟәыҩҩы аԥсуа литератураҿ адагьы, Кавказ жәлар рлитератураҿы, иара иааидкыланы адунеитә литератураҿы хәы змаӡам алагала ҟаиҵеит.
Sputnik

Sputnik

XX ашәышықәса аԥсуа поезиа ианаҭеит зеӷьҭаӡам апоетцәа, аха урҭ ирылукаауа еҵәоушәа ишеишеиуеит: Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба, Таиф Аџьба уҳәа аӡәырҩы.  

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи акритикцәеи, иара убас уи ирҿиара абзиабаҩцәеи аӡәырҩы Баграт Шьынқәба аԥсуа поезиа европатәи аклассикатә жәеинрааларҿиара аҩаӡара аҟынӡа ихеигалеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Машәырны иҟамлаӡеит Кавказ иреиӷьу апоетцәа рхаҭарнак ҳәа 1970 шықәса рзы Венгриа имҩаԥысуаз Европатәи апоетцәа рфорум дзалахәхаз.

Баграт Шьынқәба раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа инадыркны ишәхьоу поетны ихы ааирԥшит. Акыр дышқәыԥшыз иара иаԥиҵоит абасеиԥш иҟоу ашедеврқәа: "Амҳаџьыр ашәа", "Шьардаамҭа".

Бенур Шьынқәба иаб Баграт изкны: Симонов аԥсыуала аишәа амҩаԥгашьа иирҵеит

Ажәеинраалақәа реиԥш аԥсуа поезиа ахьтәы фонд иалалеит Шьынқәба еиҭеигаз Пушкин, Русҭавели, Бараҭашвили, Гете, Геине, Баирон, Мицкевич, Шандор Петефи уҳәа рырҿиамҭақәа.

Автор иепикатә романқәа ракәзаргьы аԥсуа литература иаҵәатәы шьаҟаны иазыҟалеит.

Ашәҟәыҩҩы инарҭбааны деицырдыруа дҟарҵеит ироманқәа "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса". "Ацынҵәарах" еиҭагоуп адунеи алитературатә бызшәақәа жәпакы рахь: аурыс, англыз, анемец, аҭырқәшәа уҳәа ирацәаны.

Ахәшьара уадаҩуп Баграт Шьынқәба аԥсуа фольклор, аԥсуа ҭҵаарадырра, амилаҭтә театр реиқәырхаразы илшарагьы.

Иуникалтәу Шьынқәба ифотосахьақәа цәыргақәҵоуп

"Баграт Уасил-иԥа 50 шықәса инарзынаԥшуа ауаажәларратә усура инапы алакын. 1940-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иара аполитикатәи ауаажәларратәи усурахь днеиит. 1947 шықәса рзы Баграт Шьынқәбеи иҩызцәа Константин Шьаҟрыли Гьаргь Ӡиӡариеи атәыла апартиатә напхгарахь аԥсуаа рышәҟәы нарышьҭит", - еиҭеиҳәоит ҳзыҽцәажәаз Аԥсны жәлар рпоет, ашәҟәыҩҩы Мушьни Лашәриа.

1958-1978 шықәсқәа рзы Баграт Шьынқәба илшоз зегь ҟаиҵон Аԥсны алитературеи аҟазареи рырҿиаразы.

Мушьни Лашәриа иажәақәа рыла, Баграт Шьынқәба ишәҟәқәа аԥсуа ҩнқәа зегьы рҟны аԥшәымара руеит, иахьыҟам ыҟам шамахамзар.

Џьынџьалԥҳа: Шьынқәба ихьӡала ауада аартреи астипендиа аԥҵареи алыршоуп>>

Баграт Шьынқәба иналукааша аԥсуа поет, апрозаик, алингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, Аԥсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариа жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәса рзы.

Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа бзианы ижәдыруама?

Баграт Шьынқәба ирҿиара амҽхак даара иҭбаауп, уи азхәыцра, аилкаара, ахцәажәара, аҽагәылахалара насыԥуп, уи иажәеинраалақәа ирыԥхьо дарбазаалак лымкаала иара изкушәа имԥхьаӡар залшом шамахамзар, убасҟак имарианы, убасҟак ауаҩы ицәаныррақәа дырны, иизааигәаны раарԥшышьа дақәшәаны иҩуеит. Убас ала урҭ ирыԥхьо дрытҟәоит.

Баграт Уасил-иԥа ирҿиара азҿлымҳара шамац шеишықәса иамазаауеит аԥхьаҩцәа рыбжьара.

Баграт Шьынқәба иналукааша аԥсуа поет, апрозаик, алингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, Аԥсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариа жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәса рзы.