Бенур Шьынқәба иаб Баграт изкны: Симонов аԥсыуала аишәа амҩаԥгашьа иирҵеит

© Sputnik Бенур Шинкуба
Бенур Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи 103 шықәса аҵра инамаданы ишәыдаагалоит уи иԥа Бенур Шьынқәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳацеиҩишаз иаб идҳәалоу агәалашәарақәа.

АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иԥа Бенур Шьынқәба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит даныхәҷыз иаб ажәеинраалақәа дшизаԥхьоз.

На фото рассеченный камень, давший название одноименному эпическому роману Баграта Шинкуба - Sputnik Аҧсны
"Еилыскаауеи угәы иҵхо": апоет Баграт Шьынқәба изку ажуналист игәалашәарақәа

"Амца агәгәаҳәа еиқәуп амаҵурҭаҟны. Иара уа дтәоуп. Сара иҿаԥхьа сгылоуп, атәара ҟалозма. Ажәеинраала даԥхьан даналгоз ус иҳәон: "Уахәаԥши абри амца. Абри ахаангьы имыцәароуп, ицәар, са сзы адунеи аҿы еицәоу акгьы ҟалом". Абас иҳәалон еснагь. Аԥсуаа рзы ахәышҭаарамца акырӡа аҵанакуеит. Сара снаҩс, имаҭацәа ааганы иреиҳәон амца шәмырцәан ҳәа. Амҳаџьырра аан сабду Жьажьа имацара дшаанхазгьы, амца имырцәеит, абри шәхашәмыршҭын ҳәа иҳәалон саб. Зны ус сеиҳәеит: "абри сроманқәа, сажәеинраалақәа сыжәлар ирҭахымхар, аԥхьара иаҟәыҵыр смилаҭ, саргьы исҭахым, наҟ ижәблы, икашәыжь!". Абас сеиҳәеит аибашьра ашьҭахь. Аԥсҭазаараҿы аԥсуара зегь раԥхьа иргылон", — иҳәеит Бенур Шьынқәба.

Бенур Шьынқәба Sputnik иаиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Бенур Шьынқәба хҩык ахәыҷқәа имоуп, ҩыџьа аҷкәынцәеи ӡӷабки, рыхҩыкгьы дипломатцәоуп.

"Сыҷқәынцәа руаӡәк ҩыџьа аҷкәынцәа имоуп аӡәы ааба, егьи фышықәса ихыҵуеит. Саб диижьҭеи шәышықәса аназгәарҭоз смаҭацәа уи иажәеинраалақәа аԥсышәала иаԥхьон", — иҳәеит уи.

Аҭаацәа рҟынтәи ажәеинраалақәа иҩуеит Бенур иҷкәынцәа руаӡәк.

"Сара уи аганахь ала акгьы смоуӡеит саб иҟынтә, сыҷкәынцәа аӡәы ажәеинраалақәа рыҩра маҷк даҿуп", — азгәеиҭеит иара.

Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Баграт Шьынқәба: аԥсуа поезиа ашаеҵәа

Баграт Шьынқәба аԥсуара даара иҳаракны дахәаԥшуан иҭаацәа рҟынгьы еснагь далацәажәон уи. "Аԥсуара ҳцәыӡыр акгьы ҳзыҟаҵаӡом иҳәон. Ҷлоу ашәҟәыҩҩцәа неиуан. Александр Твардовски ажурнал "Новыи мир" данамырх, убра Ҷлоу мызкы дынхон иԥҳәыси иареи. Усҟан уа ирацәаны инхон аибашьцәа, урҭ саб иҟны иааны итәон, иара ианиҵон", — иҳәеит Бенур Шьынқәба.

Баграт ШЬынқәба иахь инеиуаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан аибашьра иалахәыз Адлеибак, уи иҭоурых Твордовски ашәҟәы ианиҵеит анаҩсан аҭыжьразы, аха изыхҟьазаалакгьы иҭыжьхартә изыҟамлеит.

Иара убас сасра Ҷлоуҟа днеихьан Константин Симонов иԥшәмеи иареи. "Симонов аԥсыуала аишәа амҩаԥгашьа иҵеит, саб дыхәмарны ари талбошьс дҟаҵатәуп иҳәалон", — иҳәеит Бенур.

© Sputnik / Томас ТхайцукДом-музей Баграта Шинкуба в селе Члоу
Бенур Шьынқәба иаб Баграт изкны: Симонов аԥсыуала аишәа амҩаԥгашьа иирҵеит - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Баграта Шинкуба в селе Члоу

Апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Ҟабарда-Балкариеи Адыга тәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, “Ахьӡ-Аҧша” аорден актәи аҩаӡара акавалер, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Академиа академик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәса рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0