Лаҵаратәи амшныҳәақәа ран аԥснытәи асасааирҭақәа 80 процент иҭәын

Аиҳараҩык атуристцәа - 37 нызқьҩык рҭааит арҭ аныҳәамшқәа рзы Риҵатәи амилаҭтә парки Афон ҿыцтәи аҳаԥи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Лаҵаратәи амшныҳәақәа ран аԥснытәи асасааирҭақәа 80 процент иҭәын ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Барцыц.

Лаҵарамза раԥхьатәи ҩымш рзы Риҵатәи апарк уаанӡеиԥш акәымкәа ауаа рацәаҩны иаҭааит

Иара иажәақәа рыла Афон ҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 16,5 нызқьҩык атуристцәа, 20,5 нызқьҩык Риҵатәи апарк иаҭааит.

"Аԥсназы ари аамҭазы зеиԥш ҟамлацыз рбагоуп", - иҳәеит Барцыц.

2019 шықәса ажьырныҳәа-жьҭаара амзақәа ирыбжьакны ареспублика иаҭааит 1 100 000 турист, ахатә сектор налаҵаны 500 нызқьҩык ара инхон, 2020 шықәсазы атуристтә сезон нанҳәамзазоуп ианалагаз. Нанҳәа-жьҭаара ирыбжьаркыз аамҭазы аминистрра аинформациала ареспублика иаҭааит 600 000 турист.

Роспотребнадзор мшаԥымза анҵәамҭазы аҳәамҭа ҟанаҵахьан, Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим иқәныҟәароуп ҳәа. Уи ашьҭахь аусбарҭаҿы ирҳәеит лаҵара 1 ашьҭахь аҳәаанырцәынтә Урыстәылаҟа ихынҳәуа атәылауаа акоронавирус азы ҩынтә атест арҭароуп мышкы еиҳамкәа ирыбжьаҵаны.

Аха мшаԥы 30 рзы ирылаҳәан Роспотребнадзор ақәҵара ари аҭахра аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуа шаҵанамкуазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: