Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥачлиа иҳәеит лаҵарамзазтәи аныҳәақәа раан Афонҿыцтәи аҳаԥы зҿлымҳарас иамоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Пачулия
Ахра Пачулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
Афонтәи аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ари ашықәс алагамҭаз инаркны иахьа уажәраанӡа аҳаԥы иаҭааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу атәы.
Ԥачлиа иҳәеит ааԥынтәи аныҳәамшқәа рзы Афонҿыцтәи аҳаԥы зҿлымҳарас иамоу

"Аныҳәамшқәа раан ас еиԥш аобектқәа ирҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акырӡа иацлоит. Ашықәс ҳанҭалаз инаркны 46 нызқьи 107-ҩык аҭааит Афонҿыцтәи аҳаԥы. Аԥарахь ииугозар 23 миллион 43 нызықь мааҭ артәоит. Арҭ аныҳәамшқәа ирылагӡаны, маи акы инаркны ԥшьбанӡа, 4 214-ҩык аҭааит аҳаԥы. Маи аказы 1020-ҩык роуп иаҭаз, маи 2 рзы - 2355-ҩык. Абас ҩынтә иазырҳаны иааит. Маи 3 рзы – 739-ҩык роуп иҟаз. Аԥсшьаҩцәа аекскурсиа ҳасабала иаауа зегьы аҳаԥахьы иааиуам, избахьоу ыҟоуп, згәы иаҭахым дубап, ирацәаҩны иаангылоит, ус ақалақь иналс-аасуеит", - еиҭеиҳәеит Ԥачлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0