Лаҵарамза раԥхьатәи ҩымш рзы Риҵатәи апарк уаанӡеиԥш акәымкәа ауаа рацәаҩны иаҭааит

© Sputnik / Томас ТхайцукОзеро Рица
Озеро Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны мшаԥы 30 рҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҭааразы иҭиин 24 миллион мааҭ рыхә раҟара абилеҭқәа.

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik. Лаҵарамза 1-и 2-и рзы Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҭааит 3234-ҩык ауаа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.

Иара иажәақәа рыла, асасцәа иаархәаз абилеҭқәа рыхә 1 550 000 мааҭ ыҟоуп.

"Иаҳҭаауа ауаа пхыԥхьаӡара акырынтә иацлеит. Риҵатәи апарк аартижьҭеи арҭ амшқәа раан ариаҟара ауаа аҭааны иҟамлацызт.  Сгәы иаанагоит, уи зыхҟьаз апандемиа амшала атәылақәа акыр ахьадыркыз ауп, акурорттә тәылақәагьы убрахь иналаҵаны", - иҳәеит иара.

Багаҭелиа иазгәеиҭеит амилаҭтә парк анапхгара адырра шрымаз лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан ари аобиект ауаа рацәаны иаҭаар шалшоз, убри азы асасцәа ишақәнагоу иаднакылартә уи аҵакыраҿы арыцқьарақәа мҩаԥыргеит, амҩа иаҳа иахьыбжьысыз аҭыԥқәа рҿы асфальт ақәҵара иаҿуп - амш ирнаҭар, лаҵарамза анҵәамҭанӡа ихдыркәшоит. Аремонттә усурақәа 30 миллион мааҭ ирыԥсоуп, апарк ахатә харџь ала.

Въезд в Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы амҩа аремонт иалагеит

"Иара убас аҵлақәа рымахәқәа бзианы иҿахаҳҵәеит, амашьынарныҟәцаҩцәа амҩа бзианы ирбаларц азы. Ишәарҭаз аҵлақәа хыҵәҵәан, абордиурқәа рыцқьан, аӡылеиқәыршәареи алашареи рҭыԥ иқәҵан, агәамсам ақәгара аус еиԥҟьарада ишьақәыргылоуп, есҽны иқәыргалоит. Абнахылаԥшыҩцәа есҽнытәи аусурахь ииагоуп, ауаажәларратә шәарҭадара иахылаԥшуеит", - иҳәеит Багаҭелиа.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаԥҵан. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит. Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа. Апарк ахышәаҵышәа 390 километр ԥшьыркца иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0