Гәдоуҭа еиҿкаауп Владислав Арӡынба игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҿы еиҿкаан Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз афотоцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа аус ауеит лаҵара 14-18 рзы.
Sputnik

ГӘДОУҬА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса аҵра иазкны афотоцәыргақәҵа аатит лаҵара 14 рзы Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҿы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Амузеи ацәыргақәҵатә залқәа ҩба рҿы иӡыргоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҟаҵаз 245 фотосахьа.  Урҭ рыхәҭак амузеи архив аҿы иҵәахын, рыхәҭак ахада иуацәеи иҭынхацәеи инаргеит.

Гәдоуҭа еиҿкаауп Владислав Арӡынба игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа

"Владислав Григори-иԥа ари амузеи дашьаҭаркҩуп. Иара иоуп иалзыршаз амузеи аартра. Иара иԥсы анҭаз ихацыркхеит апроект "Владислав – иацы, иахьа, уаҵәы". Иазырхиан аибашьраҿ аиааира 10 шықәса ахыҵраз афотоальбом, иҭыжьын иара изкыз ашәҟәы, идгылаз ауаа ргәалашәарақәа, иуацәа, иҩызцәа рысалам шәҟәқәа еидызкылоз", - ҳәа лҳәоит амузеи аусзуҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит актәи ахада Гәдоуҭа иԥсҭазаара иахәҭакны ишибоз, иара изы акрызҵазкуаз ахҭысқәа рӷьыра ара ишыҟалаз.

Sputnik акорреспондент иҿцәажәараан Гәыгәыца Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит Арӡынба заҟа игәы иахәаз гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа" ашәа "Ҳара ҳфырхаҵа" анизырҳәаз. Усҟан иара атәыла анапхгара аанижьхьан.

"Ари ансамбль бзиа ибон. Уи аҽнеиԥш агәахәара иҿысымбаацызт. Зегь ҭабуп ҳәа ҳаҳәаны аӡәаӡәала ҳаигәыдиҳәҳәалеит", - ҳәа лгәалалыршәоит лара. Иара убасгьы иазгәалҭеит ишыҟоу имаҷымкәа ирымбац афотосахьақәа, аха атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны урҭ макьана ишӡыргам.

Аԥсны Афырхаҵа Валери Ҳагба иазгәеиҭеит Владислав Арӡынба иакәымзар аиааира ҟамларагьы шалшоз.

"Владислав Арӡынба – ари аҟәышра ду змаз, агәымшәа зызҭаз ҳажәлар драԥхьагыламызҭгьы, иҟаларын аиааира ҳзымгаргьы. Иара илшоны иҟаз зегь ҟаиҵеит ари ахықәкы анагӡаразы. Ажәыларақәа  рыстратегиатә еиҿкаара ахадараҿы дгылан. Зегь инапы иҵижьуан. Аибашьраҿоума, аполитикаҿ аума, ахаан хьаҳәхьачара имуцызт", - ҳәа иҳәоит Ҳагба.

Гәдоуҭатәи араионтә еизара ахантәаҩы Валери Малиа иазгәеиҭеит Владислав Арӡынба атәыла ахадас дҟалаанӡагьы аԥсуа жәлар ринтересқәа шихьчоз. Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс иҟазаараан иара иоуп раԥхьаӡа акәны ақырҭуа напхгара аԥсуа жәлар ишырзыҟаз адунеи иалазырҵәаз. Усҟантәи аамҭазы ари аҩыза ашьаҿа аҟаҵара гәаӷьыуацәан.

Џьыкырԥҳа: Арӡынба иира амш ныҳәак еиԥш иазгәаҭалатәуп

Ацәыргақәҵа иаҭааит араион анапхгара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра, асасцәа.

Санкт-Петербург инхо, Аԥсны ԥсшьара иҟаз Румиеи лан Раисеи ргәырҽанӡамкәа ари ауснагӡатә ахь инанагеит. Акультура ахан идәылыҩуаз амузыкатә инструментқәа рыбжьы иаднаԥхьалеит. Аха ирцәеилаганы амузеи аҩналарҭахь инеит.

Дара ирҳәеит иахьанӡа Владислав Арӡынба иӡбахә шырзымдыруаз, аха афотосахьақәа уи дзакәыз аадырԥшыртә ишыҟоу.

"Ачынуаҩ диеиԥшӡам. Зехьынџьара ажәлар дрылагылоуп. Сгәанала, даара ажәлар ирзааигәаз уаҩын. Ирацәоуп еицырдыруа ауаа дахьрывагылоу. Иубартә иҟоуп аполитика амацара акәымкәа иинтересқәа акыр ишыҭбааз", - ҳәа лҳәоит  Румиа.

Ҳадгьыл еиԥш дыԥшьоуп: Владислав Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса ҵит

Владислав Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа рыпрограммала лаҵара 14 асааҭ 18:00 рзы ақалақь агәы аҟынтәи иара ихьӡ зху авокзал ашҭаҟынӡа имҩасраны иҟоуп аҽтәы парад. Аколонна иалахәхоит Арӡынба имаҵзуратә автомашьынақәа руак. Анаҩс имҩаԥгахоит аконцерт.

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ракадемик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа алахәыла, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә милаҭқәа, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.

 

Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.

Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан.

1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.

Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.