1945-2010
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи
Аҧсны Раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы Алада Ешыра ақыҭан.
Ахәыҷқәа зегьы реиҧш, саргьы исазҵаауан "еиҳа бзиа иубода, уан лакәу, уаб иакәу?" ҳәа. Ари азҵаара еснагь исҳәо сҿамшәо сҟанаҵон. Иҟалома ус еиҧш ахәыҷы иани иаби еилихуа, аҳәыҷқәа ҳахдырраҿы дара еидҳәалоуп. "Ан - ан лоуп", сара сани сареи ҳагәра еибагон, уамакала дысҭахын, дысҭахуп. Убасҵәҟьа сизыҟан сабгьы…
…Исгәалашәоит, Ешыра ҳахьынхо, сани саби рышҟа лассы-лассы им­ҩахыҵуаз ҳқыҭауаа абыргцәа, излацәажәозаалакгьы, аҵыхәтәаны изызкылсуаз Аҧсни аҧсуа жәлари рразҟы акәын. Сара сгәанала, адунеи аҿы даҽа жәларык рыҧшаара уадаҩзар ҟалап, аҧсуаа реиҧш ажәлари аҧсадгьыли рлахьынҵа иазхәыцуа, иахӡыӡаауа. Уи џьашьатәӡам, избанзар аҟазаареи аҟамзаареи рыз­ҵаатәы аҧсуаа ҳаиҧш даҽа жәларык рҿаҧхьа аҭоурых абас иҵарны иқәнамыргылацт. Машәыршақә иҟамлазар ҟалап, ҩыџьа ахьааидтәало, раҧхьа иааныркыло аныҳәаҿа ажәлари аҧсадгьыли иахьрызкугьы…
Владислав Арӡынба акыр шықәса инеиҧынкыланы Москва аус иуан, Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы. 1988 шықәсазы Арӡынба Аҧсныҟа дхынҳәуеит, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аиҳабыс даиуеит. 1989 шықәсазы Владислав Арӡынба СССР жәлар рдепутатс далырхуеит, 1990 шықәсазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс дҟарҵоит.
Москва исхызгаз сымшқәа зегьы Ажәытәтәи Мрагылара аҟәша иадҳәалан. Уаҟа аусура салагеит саспирант қәыҧшны, Мрагылараҭҵаара Аинститут ааныжьны санцоз – Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор аиҳабыс, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс сҟалахьан.
Аполитикахь Арӡынба дааит аҭҵаарадырра ашҭа дҭыҵны. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Ҷыдала, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа аҧсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәуп ҳәа шьақәирӷәӷәон иара.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба Аҧсны Арбџьармчқәа рхадараҿы дгылеит.
Ҳарҭ аибашьра ҳацрарҳәеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьаиааит Ҳаҧсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!
Аҧсны аибашьра цон 413 мшы. 1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз Аиааира мшы ҳзылҧхаанӡа, Аҧсны жәлар акыр арыцҳара дуқәа рхыргеит.

Аибашьра анеилга ашьҭахь Владислав Арӡынба иҳәеит:
Зегь реиҳа ихлымӡааху ҳашьҭахьҟа инхеит, зегь реиҳа иуадаҩу – ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп...
1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аҧсны ахадас дҟалеит, 1999 шықәсазы аҩынтә раан Аҧсны ахадас жәлар рыбжьыҭираҟны далхын.
Владислав Арӡынба атәыла ахада иаҳасабала дзыхьӡаз зегь реиҳа аҵакы змоу аусқәа иреиуоуп: ақырҭуа-аҧсуа еибашьра аполитикатә ҭышәныртәаларазы ашьаҿақәа ралхра иазку ааҧхьара анапаҵаҩра; Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчрақәа рыргылара.
Лассы-лассы ҳаизыҟазаашьақәа рҟны ахьшәашәара, ма аҧхарра Урыстәылантә иасуа аҧшақәа ирыхҟьаны иҟалалоит. Сара сақәгәыӷуеит Урыстәылантә аҧша ҟәандақәа аслоит ҳәа, усҟан Аҧсны аҭынчра ҟалоит, ишәҭыкакаҷуеит!
Владислав Арӡынба ибзоуроуп Аҧсни егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпаки рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара, урҭ атәылақәа рҿы Аҧсны ахаҭарнакрақәа раартра, Ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыци, агерби, абираҟи, агимни рыдкылара.
Ҳара ҳконституциа иагәылоу аидеиақәа рыла ирываҟәылоит Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа, Голландиа, Австриа уҳәа реиҧш иҟоу атәылақәа рконституциақәа. Уи иаанарҧшуа ахшыҩҵакқәа Ауаҩы изинқәа зыхьчои Еицырзеиҧшуи адекларациақәа ирықәныҟәоит, убас егьырҭ адунеи аҿы иазхарҵахьоу азинтә аспектқәа зегьы ирықәҿнаҭуеит.
Владислав Арӡынба аҧсуа бызшәа Аҧсны ҳәынҭқарратә бызшәаны азхаҵареи Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҧҵареи илшеит.
Аҧсуа бызшәа ҟамлар, аҧсуа литература ҟамлар, аҧеиҧш амамзар, нас аҧсуа ҳәынҭқаррагьы аҧеиҧш амаӡам. Аҧсуа ҳәынҭқарреи аҧсуа бызшәеи рҧеиҧш еибаркуп. Аҧеиҧш аҧсуа бызшәа иамазар, аҧсуа ҳәынҭқаррагьы иамоуп, абызшәа иамамзар – аҳәынҭқаррагьы иамаӡам. Ус ауп са сшахәаҧшуа.
Владислав Арӡынба атәыла дахагыланаҵы Аҧсны имҩаҧган акрызҵазкуа аусқәа. Ҷыдала иааугозар, Аҧсуа ар, Атәылахьчара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы уҳәа егьырҭ аҳәынҭқарра шьақәзыргыло аусбарҭақәа аҧҵан, иара убас аҧсуа ҭыҧхьыӡқәа ыргьежьын.
…Сара хәыҷы-хәыҷ шәгьежьыроуп ҳәа шәасҳәоит, аха уаҵәы зегьы ҳаауеит шәҳәозар, еиҳагьы сеигәырӷьоит. Ауаа ҟәышқәа адҧхьаланы, ҳазегьы ҳахшыҩқәа еилаҵаны, амшын нырцә инхо ҳашьцәа шәҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара шәаара азҵаара даара ибзианы ҳазхәыцроуп, иҳаӡбароуп...
Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылантә Аҧсныҟа иааз аделегациа иреиҳәаз
Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аҧс­ны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа академик, ианашьан В.И. Вернадски ихьӡ зху апремиа, Жәларбжьаратәи Кандуровтәи апремиа. Хәы змаӡам иџьабаақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Владислав Арӡынба ихҵан Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьан "Ахьӡ-аҧша" аорден актәи аҩаӡара.
2004 шықәсазы Владислав Арӡынба атәыла ахада имаҵура аанижьит ичымазара иахҟьаны.

Иналукааша аҧсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иҧсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы. Иара иҿаҭахьала, анышә дамардеит дахьиз Ешыра ақыҭан, аибашьраан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа злацоз азааигәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0