Актәи атуристтә форум "Аԥсны - Аԥсынтәыла" аусура хнаркәшеит

Атуристтә форум апрограмма хада мҩаԥысуан Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ҩымш ирылагӡаны - лаҵара 13-14 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Актәи Жәларбжьаратәи атуристтә форум "Аԥсны - Аԥсынтәыла" аусура хнаркәшеит ахәаша лаҵара 14 рзы.

"Иаци иахьеи имҩаԥысит астол гьежьқәа. Урҭ раан ишьҭыхын хәарҭара злаз атемақәа. Арҭ амшқәа рзы Аԥсны иаҭааны иҟоу ажурналистцәа рацәаҩны - Урыстәыла арегионқәа 66 рҟынтәи, ирацәаҩуп ахыԥша ҳарак змоу урыстәылатәи аспециалистцәа", - иҳәеит атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышба.

Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит аԥгаԥсаҩцәа шааз, уигьы ареспублика атуристтә усхк азы аҵак ду амоуп.

Хышба асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит актәи Жәларбжьаратәи атуристтә форум "Аԥсны - Аԥсынтәыла" аусура рхы ахьаладырхәыз азы.

"Ҳара ҳахәҭакахьала шәара ишәҿаҳҵааз рацәоуп, уи азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Аԥсназы ихәарҭоу адыррақәа ҳарҳаит", - ҳәа инаҵишьит аминистр.

Атуризм аминистрра 2021 шықәсазтәи аԥхынтә сезон аконцепциа азнархиеит

Урыстәылазегьтәи атуристцәа реидгыла ахантәаҩы Дмитри Давыденко иазгәеиҭеит афорум аҿы крызҵазкуа атемақәа шышьҭыхыз, ишыҟаз аимак-аиҿак, аилацәажәарақәа.

"Атемақәа зегьы актуалра рылан, агәыӷра ҳамоуп иахьатәи ҳфорум Аԥсны атуризм аҿиаразы ихәарҭахап ҳәа. Иааиуа ашықәсан уажәы иаҳҳәаз рахьтә аларҵәара зауз ажәалагалақәа рылҵшәақәа ҳбар ҳҭахуп", - иҳәеит иара.

Аҭыжьырҭа "Аргументы и факты" адиректор хада Руслан Новиков иҳәеит афорум асасцәа Аԥсны иазкны ирдырыз шырацәоу.

"Иаҳбаз-иҳаҳаз ишақәнагоу аус адуланы, аҭыжьрахь инаагоит ҳрегионқәа рҿы, иааиуа ашықәсазгьы ааԥхьара  ашәҭап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - ҳәа инаҵишьит Новиков.

Аԥсны ахада атуристтә форум аҿы дықәгылеит

Ҭеимураз Хышба иара убас агәыӷра ааирԥшит Аԥсни урыстәылатәи аспециалистцәеи русеицура ԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа, афорум "Аԥсны - Аԥсынтәыла" анархагьы аиуп ҳәа.

Афорум ахыркәшамҭазы Аԥсны атуризм аминистрреи Урыстәылазегьтәи атуристцәа реидгылеи, Ахәыҷтәы ԥсшьара амилаҭтә оператори аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Афорум аҿы излацәажәоз атемақәа иреиуоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ааԥынтәи атуристтә сезон аконцепциа - ахаҭабзиара, ашәарҭадара, атехнологиа ҿыцқәа, аалыҵ ҿыцқәа", "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы атуристцәа рыԥгаԥсара акуталтә зҵаарақәа", "Атуризм аусхкаҿы аҵараиуреи асасдклыреи рактуалтә зҵаарақәа", "Ҳаамҭазтәи аинвестициатә проектқәеи атуристтә усхкаҟны иреиӷьӡоу апрактикақәеи", "Аԥсны аԥхынтәи арзҩыдаратә лагерқәа раԥҵара".