АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Актәи Жәларбжьаратәи атуристтә форум "Аԥсны - Аԥсынтәыла" аусура хнаркәшеит ахәаша лаҵара 14 рзы.
"Иаци иахьеи имҩаԥысит астол гьежьқәа. Урҭ раан ишьҭыхын хәарҭара злаз атемақәа. Арҭ амшқәа рзы Аԥсны иаҭааны иҟоу ажурналистцәа рацәаҩны - Урыстәыла арегионқәа 66 рҟынтәи, ирацәаҩуп ахыԥша ҳарак змоу урыстәылатәи аспециалистцәа", - иҳәеит атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышба.
Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит аԥгаԥсаҩцәа шааз, уигьы ареспублика атуристтә усхк азы аҵак ду амоуп.
Хышба асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит актәи Жәларбжьаратәи атуристтә форум "Аԥсны - Аԥсынтәыла" аусура рхы ахьаладырхәыз азы.
"Ҳара ҳахәҭакахьала шәара ишәҿаҳҵааз рацәоуп, уи азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Аԥсназы ихәарҭоу адыррақәа ҳарҳаит", - ҳәа инаҵишьит аминистр.
Урыстәылазегьтәи атуристцәа реидгыла ахантәаҩы Дмитри Давыденко иазгәеиҭеит афорум аҿы крызҵазкуа атемақәа шышьҭыхыз, ишыҟаз аимак-аиҿак, аилацәажәарақәа.
"Атемақәа зегьы актуалра рылан, агәыӷра ҳамоуп иахьатәи ҳфорум Аԥсны атуризм аҿиаразы ихәарҭахап ҳәа. Иааиуа ашықәсан уажәы иаҳҳәаз рахьтә аларҵәара зауз ажәалагалақәа рылҵшәақәа ҳбар ҳҭахуп", - иҳәеит иара.
Аҭыжьырҭа "Аргументы и факты" адиректор хада Руслан Новиков иҳәеит афорум асасцәа Аԥсны иазкны ирдырыз шырацәоу.
"Иаҳбаз-иҳаҳаз ишақәнагоу аус адуланы, аҭыжьрахь инаагоит ҳрегионқәа рҿы, иааиуа ашықәсазгьы ааԥхьара ашәҭап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - ҳәа инаҵишьит Новиков.
Ҭеимураз Хышба иара убас агәыӷра ааирԥшит Аԥсни урыстәылатәи аспециалистцәеи русеицура ԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа, афорум "Аԥсны - Аԥсынтәыла" анархагьы аиуп ҳәа.
Афорум ахыркәшамҭазы Аԥсны атуризм аминистрреи Урыстәылазегьтәи атуристцәа реидгылеи, Ахәыҷтәы ԥсшьара амилаҭтә оператори аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Афорум аҿы излацәажәоз атемақәа иреиуоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ааԥынтәи атуристтә сезон аконцепциа - ахаҭабзиара, ашәарҭадара, атехнологиа ҿыцқәа, аалыҵ ҿыцқәа", "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы атуристцәа рыԥгаԥсара акуталтә зҵаарақәа", "Атуризм аусхкаҿы аҵараиуреи асасдклыреи рактуалтә зҵаарақәа", "Ҳаамҭазтәи аинвестициатә проектқәеи атуристтә усхкаҟны иреиӷьӡоу апрактикақәеи", "Аԥсны аԥхынтәи арзҩыдаратә лагерқәа раԥҵара".