"Урыстәыла. Иапониа. Аԥсны": аиҳәшьцәа Бубноваа ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа

Аиҳәшьцәа Бубноваа ирызку ацәыргақәҵа аартын Аҟәа 2000 шықәса рзы. Иара аус ауан шықәсык иназынаԥшуа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ацәыргақәҵа "Урыстәыла. Иапониа. Аԥсны. Аиҳәшьцәа Бубноваа рыԥсҭазаареи рырҿиамҭеи" аатит лаҵара 17 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьаҭыхыҩ, арҵаҩы, аҟазараҭҵааҩ Варвара Бубнова диижьҭеи 135-шықәса аҵра иазкны.

Аҟәаҟа 20 шықәса рышьҭахь ихынҳәит аиҳәшьцәа Бубноваа ирызку ацәыргақәҵа

Аиҳәшьцәа Бубноваа ирызку ацәыргақәҵа аартын Аҟәа 2000 шықәса рзы. Иара аус ауан шықәсык иназынаԥшуа. Ацәыргақәҵа аԥҵан Бубноваа рфонд аиҳабы Аза Аргәынԥҳа лаԥшьгамҭала.

"Бубноваа ах-тәылак – Урыстәыла, Аԥсны, Иапониа инхон. Арҭ атәылақәа ркультуратә ԥсҭазаараҿ рлагала дууп. Аннеи Варвареи Аԥсныҟа иааит 60-тәи ашықәсқәа рзы, ара дынхон раҳәшьа Мариа. Лара Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿ дырҵаҩын. Лара еиҵалааӡаз дреиуоуп акомпозитор, адирижиор Георги Портнов", - лҳәоит Аза Аргәынԥҳа.

Адокументалтә фотоматериал шьаҭаны иамоуп Аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галереиаҿы иҵәаху Варвара Бубнова лусумҭақәа.

"Аусумҭақәа рыхәҭак аиҳәшьцәа рцәыргақәҵақәа рҿы исыԥшааит, ахәҭак Бубнова лӡаахымҭа Вера Афанасьева исылҭеит. Ара шәара ижәбар алшоит Бубноваа иапониатәии аԥснытәии рыԥсҭазаара иаамҭоу арҿиамҭақәа", - лҳәоит Аргәынԥҳа.

Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа еизаз ирыдылныҳәалеит ареспубликатә акультуратәи ауаажәларратәи хҭыс ду.

"Ацәыргақәҵа акультурологиатә материал ду аҵоуп. Ара еизгоуп Варвара Бубнова лусумҭақәа Аҳәынҭқарратә картинатә галереиаҟынтә, афотоматериал ссир", - лҳәоит Арсалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵа аартра далахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

"Сҩызцәа аӡәырҩык реиԥш хаҭала сара аиҳәшьцәа Бубноваа рырҿиамҭа ааигәаны исыздырамызт. Хаҭала ҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп ари алшамҭазы, ҷыдала Ельвира Анатоли-иԥҳа Арсалиаԥҳа ҭабуп ҳәа ласҳәоит аиҳәшьцәа Бубноваа рҟазара адырра соуртә еиԥш исылҭаз аҭагылазаашьазы", - иҳәеит иара.

Ацәыргақәҵа "Урыстәыла. Иапониа. Аԥсны. Аиҳәшьцәа Бубноваа рыԥсҭазаареи рырҿиамҭеи" аатит лаҵара 17 рзы, лаҵара 31 рзынӡа аус ауеит. Иара еиҿыркааит: Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галереиеи Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи. Апроект мҩаԥгахоит Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Варвара Дмитри-иԥҳа Бубнова диит лаҵара 17, 1886 шықәса рзы, Санкт-Петербург.

1922-1958 шықәсқәа раан Иапониа дынхон, аус луан, аурыс бызшәеи алитературеи дрырҵаҩын. Лаҳәшьа Анна аскрипка алырҳәон, Мариа – апианино, лара Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа иреиӷьӡоу арҵаҩцәа дырхыԥхьаӡалан.

Варвара Бубнова — Иапониа аурыс бызшәеи акультуреи раларҵәаразы хәы змаӡам Агәыргьын аорден ланашьан.

1958 шықәса рзы Варвара Бубнова Аҟәаҟа нхара ҳәа диасуеит. Лыԥсҭазаара далҵуеит хәажәкыра 28, 1983 шықәса рзы Ленинград. Анышә дамадоуп Аҟәа.

Аԥсны аԥшшәхәқәа ихырхыз, 75 шықәса зхыҵуаз Варвара илыӡбеит раԥхьаӡа акәны акварельла аҩра. Ара иаԥылҵеит иссиру апатреҭқәа, апеизажқәа.

Варвара Бубнова Аԥсны иҭылхыз иреиуоуп: "Аҟәа. Ахәылԥаз", "Аӡын амшын аҿықәан", "Ҭагалантәи ашәҭқәа", "Аҽыкәабаҩцәа", "Аԥсуа ҩны", "Аҩада Ешыра", "Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа", иара убасгьы еицырдыруаз аҟәаа рхаҿсахьақәа.