Аҟәаҟа 20 шықәса рышьҭахь ихынҳәит аиҳәшьцәа Бубноваа ирызку ацәыргақәҵа

© SputnikВыставочный зал
Выставочный зал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Аиҳәшьцәа Бубноваа рыԥсҭазаареи рырҿиамҭеи ртәы зҳәо еиҭаҵуа ацәыргақәҵа еиҿкаан 2000 шықәса рзы. Усҟан аекспозициа Аҟәа шықәсык иназынаԥшуа идырбан.

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ацәыргақәҵа "Урыстәыла. Иапониа. Аԥсны. Аиҳәшьцәа Бубноваа рыԥсҭазаареи рырҿиамҭеи" аатуеит лаҵара 17 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьаҭыхыҩ, арҵаҩы, аҟазараҭҵааҩ Варвара Бубнова диижьҭеи 135 шықәса аҵра аҳаҭыразы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аиҳәшьцәа Бубноваа рыԥсҭазаареи рырҿиамҭеи ртәы зҳәо еиҭаҵуа ацәыргақәҵа еиҿкаан 2000 шықәса рзы, аиҳәшьцәа Бубноваа рфонд аиҳабы Аза Аргәынԥҳа лаԥшьгамҭала.

"Жәашықәса ирықәуп аиҳәшьцәа Бубноваа рфонд аиҳабы Аза Аргәынԥҳа дара рырҿиамҭа аизгара лнапы алакуижьҭеи. Еизгоуп иуникалтәу аматериал. Иаартхараны иҟоу ацәыргақәҵа ахәҭак Аза Аргәынԥҳа 2000 шықәсазы акультуратә центр "Абаза" аҿы иӡырылгеит. Анаҩс ацәыргақәҵа Москваҟа иргеит, 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсныҟа еиҭархынҳәуп. Афотоцәыргақәҵаҿ ирацәоуп ахронологиатә материал – Урыстәыла, Иапониа, Аԥсны аԥсҭазаара ишеиднаҳәалаз узырбо", - ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Афотоматериал адагьы иӡыргахоит Аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галереиаҿы иҵәаху Варвара Бубнова лусумҭақәа. Зынӡа 40 усумҭа ыҟоуп.

"Лара Аҟәаҟа данаауаз деицырдыруа дҟалахьан, аха Аҟәоуп раԥхьаӡа акәны акварель нап аналалкыз. Ақалақь аԥшӡара иазку аусумҭақәа рацәаны илымоуп. Лхаҭа археологиатә институт дызлоушьҭымҭаз ала, ижәытәӡатәиу ақалақь аԥшӡара дыхнамхырц залшомызт", - ҳәа лҳәоит Арсалиаԥҳа.

Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа апроект "Сахьак аҭоурых" иазкны

Аԥсны Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит аекспозициа шуникалтәу, Аза Аргәынԥҳа акыршықәса акультурологиатә материал аизгара дшаҿыз.

Ацәыргақәҵа "Урыстәыла. Иапониа. Аԥсны. Аиҳәшьцәа Бубноваа рыԥсҭазаареи рырҿиамҭеи" аатуеит лаҵара 17 рзы, лаҵара 31 рзынӡа аус ауеит. Иара еиҿыркааит: Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галереиеи Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи. Апроект мҩаԥгахоит Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Варвара Дмитри-иԥҳа Бубнова диит лаҵара 17, 1886 шықәса рзы, Санкт-Петербург.

1922-1958 шықәсқәа раан Иапониа дынхон, аус луан, аурыс бызшәеи алитературеи дрырҵаҩын. Лаҳәшьа Анна аскрипка алырҳәон, Мариа – апианино, лара Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа иреиӷьӡоу арҵаҩцәа дырхыԥхьаӡалан.

Варвара Бубнова — Иапониа аурыс бызшәеи акультуреи раларҵәаразы хәы змаӡам Агәыргьын аорден ланашьан.

1958 шықәса рзы Варвара Бубнова Аҟәаҟа нхара ҳәа диасуеит. Лыԥсҭазаара далҵуеит хәажәкыра 28, 1983 шықәса рзы Ленинград. Анышә дамадоуп Аҟәа.

Аԥсны аԥшшәхәқәа ихырхыз, 75 шықәса зхыҵуаз Варвара илыӡбеит раԥхьаӡа акәны акварельла аҩра. Ара иаԥылҵеит иссиру апатреҭқәа, апеизажқәа.

Варвара Бубнова Аԥсны иҭылхыз иреиуоуп: "Аҟәа. Ахәылԥаз", "Аӡын амшын аҿықәан", "Ҭагалантәи ашәҭқәа", "Аҽыкәабаҩцәа", "Аԥсуа ҩны", "Аҩада Ешыра", "Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа", иара убасгьы еицырдыруаз аҟәаа рхаҿсахьақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0