Аҟәа дыршьит Қьамал Арӡынба

Ауаҩшьра ҟалеит Аҟәа агәаны аҩаша лаҵара 18 рзы. Қьамал Арӡынба иԥсҭазаара далҵит ахәышәтәырҭаҿы, иоуз ахәрақәа изхымгакәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Қьамал Арӡынба дыршьит асааҭ 17:00 - 18:00 рыбжьара аҩаша лаҵара 18 рзы Аҟәа Имам Шамиль имҩа аҩны №6 аҟны, абри атәы Sputnik иазаанацҳаит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит абыржәтәи аамҭазы иаҭаху аоператив-усԥшааратә уснагӡатәқәа зегьы рымҩаԥгара ишаҿу ауаҩшьра ҟазҵаз иԥшааразы.

Қьамал Арӡынба - Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иашьа иԥа иоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: