Атәылауаҩи аиҳабыреи: Тәанба Аинвестпрограммала Аԥсны ицо аргыларатә усурақәа ирызкны
© Sputnik
Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы ицо аргыларақәа ахҳәаа рыҭауа Тәанба иҳәеит, аобект аҿы ашықәс нҵәаанӡа аусурақәа рхыркәшара шазгәаҭаз, аха аԥарала реиқәыршәаразы иҟаз аиԥҟьара иахҟьаны, уи залмыршахеит.
"Лаҵармза анҵәамҭазы ари аобект раҳҭароуп. Ҳаззыԥшыз, ахәышәтәырҭазы амаругақәа иаҭахыз зегьы, абжеиҳара ҭаагалахьеит. Аобект аҳәынҭқарра аҭара даара ицәгьоу усуп. Аусурақа дуқәа хырқәшәоуп, иаанхаз амаҷ ауп", - иҳәеит Тәанба.
Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" аиҳабы иҳәеит Бедиатәи амҩа аҟаҵаразы аусурақәа ахьынӡанагоуи, Аҟәа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵаразы аус ахыркәшараз иаанхази ртәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.
Иара бубас шәаԥхьар ҟалоит:
- Габелаиа еиҭеиҳәеит Очамчыра Аинвестпрограммала инагӡахо апроектқәа ртәы
- Аԥсны Аинвестпрограмма анагӡашьа: Урыстәыла аекономҿиара аминистрра агәаҭарақәа