Аԥсны Аинвестпрограмма анагӡашьа: Урыстәыла аекономҿиара аминистрра агәаҭарақәа

Анапаҵаҩра
Ҩымш ҵуеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟоуижьҭеи 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программала асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы.

Урыстәыла Аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аԥсны иҟан. Урҭ игәарҭеит Аинвестпрограмма иаҵанакуа аобиектқәа рыргылара ишаҿу. Аделегациа аҭааит зыргылара хыркәшоу Гагратәи агәашьаркыра. Уи аиҭашьақәыргылара иақәхарџьын 23 миллион мааҭ инареиҳаны.

Аремонт макьана иацырҵоит Гагра аԥшаҳәаҿи Апринц Ольденбургтәи ипарк аҿи. Урҭ реиҭашьақәыргылара 71 миллион мааҭ агоит. Москва Аинвестагентра иатәу альготатә кредитаҭара апрограммала идыргылоит асасааирҭа "Тотус". Уи ахыркәшараз егьагым, иагьазоужьын 229 миллион мааҭ.

Хәышықәса инарзынаԥшуа ҵуеит Гагра ацрыҵрыцқьарҭа дыргылоижьҭеи. Ара раԥхьа имҩаԥгатәыз аусурақәа ирзоужьын 582 миллион мааҭ. Аха ари ахарџь иахьатәи ахәԥсақәа ирышьашәаланы еиҭаркуеит. Аинвестпрограммала еиҭарҿыцын Гагратәи аӡықәыӷәӷәаратә станциа №4. Уи уахыки-ҽнаки рыла зымчхара 12 нызқь кубометр ыҟоу реиҳа ихадоу аиԥшьратә станциоуп. Арантәи ацрыҵрыцқьарҭахь 11 километра иҟоу аӡымҩангага нагатәуп. Ари апроект ахәԥса 240 миллион мааҭ ыҟоуп.

Аинвестпрограмма ахарџь ала астанциа маҷ "Бзыԥ-220" аҿы ишьақәыргылан атрансформатор ҿыц. Уи амчхара – 125 мегаватт, иара уаанӡа иқәгылаз аасҭа ҩынтә раҟара еиҳауп.

Ахәаша аурыс делегациа Аԥсны мрагыларатәи араионқәа ирҭааит. Тҟәарчал Аинвестпрограммала иргылоу ахәышәтәырҭа иахәаԥшит. Уи аартра мшаԥымзазы иазгәаҭоуп, уа араионқәа хԥа ртәылауаа рымаҵ рулоит. Ари ахәышәтәырҭа аргылара иақәхарџьын 250 миллион мааҭ инареиҳаны. Урыстәылатәи аиҳабыра ахаҭарнакцәа ақыҭанхамҩатә наплакы "Кындыӷ-агро" иаҭааит. Ари аобиект аргылара иазоужьын 250 миллион мааҭ инареиҳаны. Акомплекс аԥҵара алыршан альготатә кредитаҭара апрограмма абзоурала. Уи 250 миллион мааҭ иҟаз арԥсах урыстәылатәи абанк иазоунажьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0