Риҵатәи апарк 25 шықәса раахыстәи аҭааҩцәа ррекорд иаԥнагеит

2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны мшаԥы 30 рҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҭаараз иҭиин 24 миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк ажьырныҳәамзы инаркны лаҵара 20 рҟынӡа иаҭаахьеит шәнызқьҩык инареиҳаны атуристцәа, арҭ арбагақәа 1996 шықәса раахы иарбоу аамҭа арбагақәа ирываҟәалоит, иҳәоит апарк адиректор Адамур Багаҭелиа.

"Лаҵара 20 азтәи адыррақәа рыла ашықәс иалагазар шәнызқьҩык аҭааҩцәа ҳзаахьеит. Ҵыԥх акыр еиҵан. Апарк аус ауеижьҭеи асеиԥш арбагақәа ҟамлацызт", - иҳәоит иара.

Асеиԥш иҵоуроу атенденциа Багаҭелиа игәаанагарала, аԥхынтә курорттә сезон азгьы ирбагоуп.

Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы амҩа аремонт иалагеит

Уаанӡа арадио Sputnik Аԥсны аҿы Багаҭелияа иҳәахьан 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны мшаԥы 30 рҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҭаараз иҭиин 24 миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа ҳәа.

2021 шықәса лаҵарамза алагамҭаз апарк аҵакыраҿы ипроблематәу амҩахәҭақәа рремон иалаган. Багаҭелиа ишиҳәо ала урҭ аусурақәа уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит.

Иара убасгьы иҳәеит иқәырго ажәытә каҭран Ауадҳаратәи амҩа ишықәырҵо.

Аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит 15-тәии 42-тәии акилометрқәа рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: