Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы амҩа аремонт иалагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВъезд в Рицинский реликтовый национальный парк
Въезд в Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Анапаҵаҩра
Рицатәи амилаҭтә парк аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы ирықәхарџьтәуп ҩажәижәаба миллиони ҩажәижәаба нызқь мааҭи аԥара.

АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы амҩа-ремонттә усурақәа ирылагеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.

"Зехьынџьара асфальт ақәҵара ҳалагоит ҳазҳәаӡом, иара убас аҭыжаарақәа мацара рҭарҭәароуп ҳәагьы ҳҳәаӡом. Аԥхасҭа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы амҩа ахәҭақәа квадратла иҭырффаны асфальт ҭаҳарҭәалоит. Уажәы амҩақәа рҿы амашьынақәа рныҟәара иацлеит, иҳазгәамҭаӡакәа иаҳҭаауа ауаа рхыԥхьаӡара иацлеит. Иацы мацара Риҵатәи апарк иаҭааит зқьи хышәҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Амҩатә усурақәа ирыхҟьаны амашьынақәа рныҟәара еиҵахар ауеит", - иҳәеит иара.

Аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит еиҳа иахьыԥхасҭоу аҭыԥқәа рҿы - 15-тәи 42-тәи акилометрқәа иахьрыбжьаркуа амҩа ахәҭаҿы.

Рицинский Национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Амҩақәа аси ахаҳәқәеи рҟынтәи ррыцқьага техника аанахәеит Риҵатәи амилаҭтә парк

"Аусурақәа рымҩаԥгаразы гәдоуҭатәи асфальттә зауад атехника адҳаԥхьалеит. Амш иаҳнаҭар, ҳазҭоу амза нҵәаанӡа ихҳаркәшоит ҳәа ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Адамыр Багаҭелиа.

Хәажәкырамзазы адырра ҟаҵан амҩақәа ахаҳәи асы рҟынтә арыцқьаразы апарк ишаанахәаз атеника. Атрактор ҿыц аахәареи аҭыԥ ахь анагареи рзы Риҵатәи амилаҭтә парк жәа-миллионки бжаки аԥара ахарџь ҟанаҵеит.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаҧҵоуп. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит. Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа. Апарк ахышәаҵышәа 390 километр ԥшьыркца иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0