Sputnik амчыбжь: аԥкрақәа раԥыхра, Ахада Шьамтәыла иҟазаара, ауаҩшьра

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵарамза 17 - 23 рыҩнуҵҟа атәылаҿы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа.
Sputnik

Ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿ имаҷым имҩаԥысыз ахҭысқәа: Атәыла ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Шьамтәыла дыҟан, акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иалагалаз аԥкрақәа аԥыхуп, уажәшьҭа ачарақәа руразы азин ҟоуп, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡнба иашьа иԥа Қьамал Арӡынба иҩны ашҭаҿы дыршьит, ари ацәгьоура ҟазҵаз ҳәа агәҩара зызрымоу ахаҿы даанкылоуп.

Sputnik

Аԥкрақәа раԥыхра

Амчыбжь алагамҭазы иаԥыхын аҿкчымазара аламырҵәараз атәылаҟны иалагалаз аԥкрақәа. Лаҵара 13 инаркны азин ыҟоуп ачарақәа, аныҳәақәа уҳәа амассатә уснагӡатәқәа ақьафурҭақәа, абанкеттә залқәа, азеиԥшкрыфарачара аобиектқәа рҿы рымҩаԥгара, иара убасгьы азин ыҟоуп аусутә, аспорттә, агәмырҿыӷьратә уҳәа егьырҭ ауснагӡатәқәа иарку аобиектқәа рҿы рымҩаԥгара.

Бжьаниа антиковидтә уснагӡатәқәа рзы аусдҵа ҿыц инапы аҵеиҩит

Иарку аобиектқәа рҿы арҭ ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара алыршахароуп Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәаз асанитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны.

Азин ыҟам ауаажәларратә транспорт аҿы апассаџьырцәа сабрадада рныҟәгара, амашьына аԥсҟы зку сабрадада рыҟазаара. Аҭыԥантәи анапхгараҭарақәа есыҽны апрофилактикатә рзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргалароуп ауаажәларратә зеиԥш транспорт аҩнуҵҟа.

Ареспублика афатәаалыҵтә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа рҿы мчыбжьык ахь знык еиҵамкәа апрофилактикатә рзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥгалатәуп.

Шьамтәылаҟа усутә ныҟәарыла

Аслан Бжьаниа хадара ззиуаз аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Шьамтәылаҟа ицеит лаҵара 16 рзы.

Аслан Бжьаниеи Башар Асади Шьамтәыла еиԥылеит

Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар Аль-Асад Аԥснытәи аделегациа аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит, Аԥсны ахада Дамаскҟа инеира аҵак ду аманы ишиԥхьаӡо аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьа арҿиаразы. Аслан Бжьаниа Шьамтәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵарази адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларази.

Лаҵара 18 рзы Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа аусура иалагеит. Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа рылацәажәеит аекономика, атуризм, ақыҭанхамҩа русхк аҟны аусеицура апрактикатә лшарақәа. Акомиссиа аусура аихшьалақәа рыла нап рыҵаҩын Аԥсни Шьамтәылеи аекономикеи атуризми рзы рминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа.

Уи аҽны Аԥсни Шьамтәылеи рнапы аҵарҩит рбаӷәазақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭреи Атуризм аусх аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭреи. Аганқәа еибырҳәеит Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы анаҩстәи аилатәара Аҟәа имҩаԥыргарц.

Аԥсни Шьамтәылеи рбаӷәазақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Иара убас Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Антиохиатәии Мрагыларазегьтәии апатриарх Иоанн Х еиԥылеит Дамаск, Ацқьаҭыԥҳа Мариа луахәамаҿ.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟазаара аҵыхәтәантәи амш азы Шьамтәыла ахада Башар Асад Аԥсныҟа дааиԥхьеит. Аԥсны ахада иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аделегациа адкылара ҩаӡара ҳаракыла иахьымҩаԥгаз азы. Иазгәеиҭеит Аԥсни аԥсуа жәлари рахь абзиабара ду шырныруаз ара рыҟазаара аамҭа зегьы азы.

Шьамтәыла ахада Аԥсны ажәлар аҭынчреи аизҳареи рзеиӷьашьо иҳәеит:

"Сара Аԥсны сымнеицт, аха игәхьаазго салагахьеит", - иҳәеит Асад.

Қьамал Арӡынба ишьра

Қьамал Арӡынба - Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иашьа иԥа - дшьын лаҵара 18 рзы Аҟәа. Уи ашьҭахь ауаҩшьра ҟазҵаз ацәгьоуҩы иаанкыларазы аплан рыланаҳәеит Аԥсны ААР, аҳҭнықалақь иахьалҵуаз амҩақәа зегьы аркын.

Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахаҿы даанкылоуп

Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Қьамал Арӡынба ишьра инамаданы. Ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа ҩба рыла: "Гәыԥҩык ауаа заанаҵ еицәажәаны ма гәыԥеиҿкаарыла иҟарҵаз ауашьра", "Абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәо амаҭәарқәа изакәанымкәа раахәара, ҽаӡәы иҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара ма рныҟәгара".

Имҩаԥгаз ашьаусԥшаара-оперативтә усурақәа ирыбзоураны лаҵара 19, асааҭ 20:00 рзы даанкылан Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу Баҭал Ԥлиа. Иара Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ҩымз аҭакра иқәнаҵеит.

Алаҵаҟаҵара раԥхьатәи алҵшәақәа

Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 12 рзы. Лаҵара 18 рзтәи адыррақәа рыла, аҿкчымазара аҽацәхьчаразы 488-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит. 

Аԥсны акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа ҟазҵаз рхыԥхьаӡара еилкаахеит

6500 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы.

Алаҵа ҩ-етапкны иҟарҵоит, 21 мшы рыбжьаҵаны.

Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟауҵаразы аԥсуа тәылауаҩшәҟә умазароуп, Аҟәа ауааԥсыра аҭыԥантәи аҭаҩра рымазароуп. Алаҵа ҟарҵаанӡа атерапевт апациент ишоура гәеиҭоит, игәабзиара зеиԥшроу еиликаауеит.

Аԥснытәи ашьхараҿы иӡыз атурист иԥшаара

Лаҵара 12 раахыс Аԥсны ашьхараҿы изышьҭаз урыстәылатәи атурист уаҳа дрымбеит. Аԥшаарақәа мҩаԥыргон АҶА аусзуҩцәеи аинструктор Анна Гилевеи. 

Аԥсны ашьхараҿы иӡыз урыстәылатәи атурист дырзымԥшааӡеит

Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшоз аҭыԥ аҟынӡа Хьымса акаҵәараҟны инаӡеит. Аиқәырхаратә гәыԥ иара убас шьҭахьҟа дызлахынҳәшаз амаршрут алагьы аԥшаарақәа мҩаԥыргеит ашьхараҟынтәи агаҿанӡа.

Аусбарҭаҟны иазгәарҭоит аԥшаара-еиқәырхаратә операциа Гәымсҭа аӡиас ахыҵхырҭаҟны ихыркәшоуп ҳәа.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтәи, 64 шықәса ихыҵуеит.

Арт-фестиваль Аԥсны

Аилахәыра Colors of Nation еиҿнакааз арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" аартын лаҵара 20 рзы.

"Уаҵәы иахьа иалагоит": арт-фестиваль аусура иацнаҵоит Аҟәа

Иарбан аҟазара ҿыц иахьа Аԥсны иубар залшо, сахьаҭыхҩыс зхы зыԥхьаӡар ауа, арҿиамҭақәа рыҭира зыԥхашьарам, ианбааиуеи уаҵәы захьӡу – ирацәоуп арт-фестиваль аҳәаақәа иҭагӡаны излацәажәаз азҵаарақәа. Алахәылацәеи аҭааҩцәеи идырбан адокументалтә фильм, иалацәажәан амилаҭтә традициақәа.

Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Макс Гошко-Даньков аҟәатәи амшынтә баӷәаза шәыгала иҩычарц дыҟоуп афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Амҳаџьырцәа ргәалашәара

Лаҵара 21 рзы Аԥсны иргәаладыршәеит амҳаџьырра иалаӡыз Кавказ жәларқәа рхаҭарнакцәа. Аԥсуа-абаза жәлар рконгресси Арепатриациазы аҳәынҭеилаки Аҟәа еиҿыркааит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

Аҽыуаа, "нарҭаа рымца", ашьамаҟа: Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш Аԥсны ишазгәарҭаз

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы игылоу абаҟа азааигәара еиҿкаан афотоцәыргақәҵа, Аԥсуа драматә театр аҿы идырбан аспектакль "Ацынҵәарах", ахәылбыҽха, амшын аԥшаҳәаҿы алашарбагақәа кны имҩасит, иадыркит ашьамаҟа, "нарҭаа рымца" еиқәырҵеит, ашәҭқәа амшын ихырҵеит.

Лаҵара 21 1864 шықәса - Кавказтәи аибашьра анхыркәшахаз амш ауп. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, егьырҭ Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа рахь имцар ада ԥсыхәа рымамызт.

Ари амш азгәарҭоит адунеи иалаԥсоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Зегь реиҳа идуу аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

Ауадҳара адгьылҳәазара

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 19 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит.

Ауадҳара адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа ҟарҵоит

Аӡымҭҟьар 300-400 метра амҽханакит, уи иахҟьаны амҩаду иазааигәаны ииасуаз аӡиас ацарҭа ааннакылеит, ҭыԥқәак рҟны аҳаракыра ԥшьметрак рҟынӡа инаӡоит. Убра иаӡәӡәо агәамсам, иаанаго анышә Риҵа иалалоит. Аӡиа иахьа ихәашьӡа иҟоуп. Аспециалистцәа излазгәарҭо ала, уи ахәашьра аԥхын зегьы инхар ҟалоит.

Аԥсны Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит аӡы аԥхарра иацлар ҟалоит градуск, ҩ-градуск рҟынӡа, уи аԥсыӡқәа ирзымчҳар алшоит ҳәа.

Лаҵара 21 рзы Sputnik аинтервиу азҭаз Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аиҳабы иҳәеит, Ауадҳара адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа аҟаҵаразы алшарақәа рыԥшаауеит ҳәа, избан акәзар адгьылҳәазара ахьыҟалаз аҭыԥ "Астудентцәа ртәарҭа" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ахь уназго, атуристтә маршрут аҿы иарбоу мҩоуп, уахь иахьазы анеира залшом. 

"Ихәарҭам" аҵыҵындра

Россельхознадзор Аладатәи арегионбжьаратә усбарҭа аинспекторцәа аԥснытәи аҵыҵындра апартиаҿы ирбеит мраҭашәаратәи (калифорниатәи) ашәҭтә трипс, лаҵарамза 17 рзы, уи иахҟьаны Урыстәылаҟа алагалара мап ацәыркит.

Акарантинтә маҵзураҿы ирҳәеит Аԥсны калифорниатәи атрипс шаарԥшым

Аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны аҳәынҭқарратә инспекциа имҩаԥнагаз агәаҭарақәа рышьҭахь ирҳәеит ареспубликаҿы калифорниатәи атрипс шаарԥшым. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амаҵзура аусзуҩ Анзор Вартагаа.

Вартагаа иажәақәа рыла, агәаҭарақәа ирылагеит аҳәааҟны аҵыҵындра Урыстәылаҟа алагалара мап ацәыркит ҳәа аинформациа анроу ашьҭахь.

Иара иажәақәа рыла, аекспорт ицо атауар аҳәааҿы акарантинтә маҵзура имҩаԥнаго агәаҭарақәа рнаҩс, акарантинтә маҵзура аусзуҩцәа аҵыҵындра ахьаадрыхуа аҭыԥқәа рҟны аус руоит. Вартагаа иазгәеиҭеит адунеи аҿы 5000 хкы атрипсқәа шыҟоу. Калифорниатәи аԥхьа Америка ицәырҵит, Европа ашьҭа рбеит 1983 шықәсазы, 90-тәи ашықәсқәа рзы ашәҟәы иҭагалан Урыстәыла.

Апоет ипремиа

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә премиа ианаршьеит лаҵара 20 рзы.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лашәриа ианаршьаз Апатриархтә литература апремиа иазкны

Апатриархтә литературатә премиа X аиубилеитә сезон алауреатцәа аԥхьахәқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит Москва, Иҳақәиҭу Аԥсҿыхҩы Иаса Қьырса Иныхабаа Ауахәама Аизарақәа Рзал аҟны.

Лашәриа идагьы аԥхьахә ранашьахеит Анатоли Баибородин, Владислав Бахревски, Игор Волгин, Васили Дворцов, Владимир Малиагин, Андреи Убоги уҳәа егьырҭгьы.

Алауреатцәа зегьы агәышԥ иадыркуа адырга ҷыдақәа рыҭан.

Иара убас амчыбжь азы иалкааз ахҭысқәа: