АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут агидрометеорологиатәи аекологиатәи гәаҭара аиҳабы Асида Ахсалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аҿы еиҭалҳәеит ҳтәылаҿы аҵеџьқәа аҭабара изалагаз.
"Адгьылаҵаҟатәи аӡқәа рыҩаӡара аҽахьеиҭанакуа аԥсабаратә ҟазшьа шамоугьы, антропогентә ҟазшьагьы амоуп, даҽакала иуҳәозар, ауаҩԥсы ихҟьоит. Уеизгьы, аҵеџьқәа рҟны аӡы еснагь џьарак игылаӡам, избанзар дара илеиуа ақәеи аси ирыхьԥшуп. Ааԥыни ҭагалани раан ма иҳаракӡахоит, ма илаҟәцәахоит. Уи зыхҟьо ациклонқәа роуп, алышәшәақәа ыҟоу иҟаму", - лҳәеит аспециалист.
Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ицәырҵыз апроблема аклимат мацара иадҳәалам, уи адгьылкылҵәарақәагьы роуп лҳәеит Ахсалԥҳа.
"Адгьылкылҵәагатә машьына иҷыдоу атехникала адгьыл ҭнажаауеит 43-45 метра ирҵауланы, иаабац аҵеџьқәа ирҿҳарԥшуазар, урҭ 30-35 метра роуп иахьыҵаулоу. Убри азы аӡқәа зегьы иаҳа иахьыҵаулоу илбаауеит, убри иахҟьаны аҵеџьқәа змоу апроблемақәа рызцәырҵуеит, ҿыц адгьыл кылзҵәақәо ирзеиӷьзаргьы", - ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ.
Адгьыл ирҵауланы акылҵәара иара убас здацқәа дуу аҵиаақәагьы ирԥырхагоуп, иааидкыланы абри зегьы аекологиа иаԥырхагоуп лҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут агидрометеорологиатәи аекологиатәи гәаҭара аиҳабы.
"Абна былрақәа иара убас антропогентә ҟазшьа рымоуп, ҳара ҳҿы ашьхарақәа иахьрыҵаркуа адгьылқәа цәаакуп, уа амца ахала изакӡом, адгьылаҵатәи аӡқәа ыҵҵны иахьцәырҵуагьы маҷым. Абылрақәа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы еиҳа-еиҳа ицәырҵуа изалагазгьы уи ауп, убарҭ зыӡбахә ҳамоу адгьылкылҵәарақәа ирыхҟьаны адгьылаҵатәи аӡқәа рыҩаӡара лаҟәуа иахьалагаз ауп. Урҭ адгьылкылҵәарақәа есышықәса ирыцымлозар, ирыгхом", - ҳәа азгәалҭеит Ахсалԥҳа.
Ари азҵаара иахылаԥшроуп агеологцәа, избанзар адгьыл кылызҵәо ауаа уи ԥырхагас иҟанаҵар иалшо атәы иазхәыцӡом.
Ахсалԥҳа иазгәалҭеит адгьылаҵатәи аӡқәа рыҩаӡара алаҟәра апроблема дуқәа цәырнагар шалшо, лара аҵарауаа рахь ааԥхьара ҟалҵеит ари апроблема иазхьаԥшырц, уи аӡбашьа азырԥшаарц азы.