"Уажәтәи амцакрақәа раԥхьа аԥсабаратә цәырҵрақәа, адыдмацәыс еиԥш, иҟамызт. Убри аҟнытә иуҳәар ҟалоит ари ауаҩытәыҩса ихҟьаноуп ишыҟалаз ҳәа. Макьана еилкааны иҭҵаам абна аԥырхага атәы, аха уажәнатә иуҳәар ҟалоит, даара ааха ӷәӷәа шаҭоу аԥсабара. Агаҿа инхо ауаа арахә -ашәахә рааӡоит, абна абылра иахҟьаны агыгшәыг ҵаҟа илбааит. Ақыҭауаа иахьа агәҽанызаара рымазароуп. Амцакрақәа раан иаҳбахьо аԥышәала иуҳәар ҟалоит, абгақәа, амшәқәа, ҵаҟа илбаауеит ҳәа. Абнаҳәақәа ракәзар, урҭ рхыԥхьакра даҽа ҟазшьақәак амоуп. Ааха роуит аҵиаақәагьы. Аԥсны ада иуԥымло рацәоуп, урҭ еиҳарак аҳәырԥсаррақәа рҿоуп иахьыҟоу, уажәтәи абылрақәа Ԥсҳәытәи аҳәырԥсарра аҵанакит. Уа еиҳарак еизҳауа ахьатә ҵиаа акырӡа ааха аиуит. Иҟоуп акыршықәса зхыҵуазгьы аҵиаақәа-ааха рыҭоуп. Аеколог иаҳасабала исҳәар сылшоит, даара ауаҩы игәы инархьыртә иҟоуп аҭагылазаашьа", - азгәалҭеит Ахсалԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: