Бжьаниа иҳәеит Аԥсны акриптовалиута аргама арҳаразы иҟоу аԥхьаҟатәи аԥеиԥш

Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит алшара ҟалар шалшо Аԥсны акриптовалиута аргама арҳара Урыстәылантәи иаауа афымцалашара ахархәарала, абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.

Аԥсны закәаншьаҭада аус зуаз 23 маининг-шьақәгыла русура аанкылоуп

Афымцамч закәаншьаҭада ахархәареи амаининг-фермақәа раҿыхреи рызҵаарақәа иазааҭгылан Аслан Бжьаниа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны имҩаԥигаз аилатәараҿы.

"Ари абизнес амҩаԥгаразы алшара ыҟоуп, Урыстәыла афымцалашара ахархәарала. Уажәтәила Урыстәыла азыхиоуп афымцалашаразы атарифқәа раашьҭра. Афымца аихшаразы алшара рымоуп. Уи ахь ҳазнеир алшоит, аха аамҭа аҭахуп", - иҳәеит атәыла ахада.

Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа. Аӡбара рыдкылан Аԥсны афымцаенергетикатә ресурсқәа рхархәара аҭышәныртәаларазы, афымцамч адефицит азгәаҭаны, аҳақәа реидара авариақәа рахь ишкылнаго иазхьаԥшны.