Арадио

Џьергьениа Ауадҳара адгьылҳәазаразы: ашәарҭара зцу ҳәа ара ак аабом

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк абнахылаԥшҩы еиҳабы Ҭенгиз Џьергьениа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ауадҳара адгьыл ахьҿыбгаз имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 9 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит.

Џьергьениа Ауадҳара адгьылҳәазаразы: ашәарҭара зцу ҳәа ара ак аабом

"Уажәы Ауадҳара амҩа ҳаҿуп. Атехника ду ааганы арыцқьарақәа цоит. Мчыбжьык аҟара ҳадхаларгьы, амҩа амашьына хәыҷқәа рыла ииасратәы ҳаҿуп. Анаҩс амҩа ақәԥсара ҳалагоит. Уигьы мчыбжьык аҟара ҳадхалоит. Адгьылҳәазара апроцесс ахаҭа аангылахьеит. Амҿы иаанагаз еибакны иакуп, уажәшьҭа иҵысуеит ҳәа сгәы иаанагом. Аҵәқәа арсны иҳамоуп, иҵысуама имҵысуама ҳәа азгәаҭарақәа ҟаҳҵеит, иахьаҳарсыз убра иарсуп, макьана акгьы ҵысны иаабом. Амҩа ахьыбгаз аҭыԥ ахь макьана амҩа аркуп. Амашьына дугьы цом. Аӡы ахьыҵыҵуа аҭыԥ ахь ауаа неиртә иҟоуп, адәҳәыԥшқәа ыҟоуп иаавагьежьны изхәаԥшыша. Ашәарҭара зцу ҳәа ара ак аабом. Апансионат аҿы аԥсшьаразы аҿаҵақәа ари амз азы зегьы ҭәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьергениа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: