Ауадҳара иҟалаз адгьылҳәазара ахҟьаԥҟьақәа дрыцқьоит мчыбжьык иалагӡаны

© Sputnik / Томас ТхайцукПрогноз
Прогноз - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьхараҿы адгьылҳәазара ӷәӷәа ҟалеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иахьаҵанакуа лаҵара 9 рзы, ақәеи аси ӷәӷәаны иахьауз азы, уи иахҟьаны ауаа рацәаҩны изҭаауаз атуристтә маршрутқәа - альпиатәи адәҳәыԥшқәеи аӡиа Мзи рахь амҩа акит.

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Иааиуа амчыбжь иалагӡаны Ауадҳара иҟалаз адгьылҳәазара ахҟьаԥҟьақәа дрыцқьоит ҳәа ргәы иҭоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк абнахьчаҩ хада Ҭенгиз Џьергьениа.

"Аусурақәа ҳрылагеижьҭеи иацы ԥшьымшуп. Иахьа ԥсшьарамшуп. Амҩа зегьы рыцқьаны ҳалгоит мчыбжьык иалагӡаны ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аус руеит атехникатә машьынақәа ԥшьба, урҭ рахьтә хԥа апарк иатәуп, даҽа екскаватор ӷәӷәак қьырала иаагеит. Аусутә макьана ирацәаны иаанхеит. Адгьылҳәазара иаанагаз ахаҳә-мҿыхәи анышәи еилаланы хә-метрак раҟара аҿыгҳара ыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьергьениа.

Арыцқьарақәа амш ахьыцәгьоу аԥырхагоуп, мышқәак ҵуеит иааҟәымҵӡакәа ақәа леиуеижьҭеи. Аха убри аан адгьылҳәазара аангыланы иҟоуп.

"Аусурақәа ҳрылагаанӡа ҳара уи аҭыԥ аҟны ацәҟьарақәа ҟаҳҵеит, адгьыл ҳәазо имҳәазо гәаҳҭаразы. Анцәа иџьшьаны, адгьыл уаҳа имеиҭаҵӡеит. Иара адгьыл ахьыҳәазаз аҭыԥ умшәакәа уақәныҟәар ҟалоит. Иацы 30 тонна иҟаз атехникагьы акгьы ҟамлакәа уа ииасит, егьи аганахьала иакәшаны инеины арыцқьарақәа мҩаԥнагеит", - иҳәеит иара.

Уаанӡа Аԥсны аекологцәеи агеологцәеи Sputnik ишазеиҭарҳәахьаз ала, Риҵа 16 километра иҩахыганы иҟалаз адгьылҳәазара 18-20 гектар амҽханакуеит. Урыла километраки бжаки иҟоуп, ҭбаарыла - 300 метра. Абри аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аӡиа Риҵа даара ихәашьит.

Џьергьениа имҩаԥигаз агәаҭарақәа рыла, Риҵа иалало аӡиас еиҳа-еиҳа уаанӡатәи аԥшшәы аанахәо иалагеит, аха Аԥсны зегь реиҳа идуу аӡиа заҟароу иаҿырԥшны, Риҵа аҽарыцқьаразы мызқәак аҭаххоит.

Оползень в горах Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Агеологцәа Ауадҳара еиҭах адгьылҿыбгара ҟалар алшоит ҳәа иацәшәоит

Аԥсны ашьхарақәа рҿы Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иахьаҵанакуа адгьылҳәазара ду ҟалеит Ауадҳаратәи абнара 56-тәи акилометр аҿы лаҵарамза аҽеиҩшамҭазы, ақәеи аси ӷәӷәаны иахьлеиз иахҟьаны. Ари аԥсабаратә цәырҵра ауаа рацәаҩны изҭаауаз атуристтә маршрутқәа - альпиатәи адәҳәыԥшқәеи аӡиа Мзи рахь амҩа акит.

Уи адагьы, аӡымҭҟьарқәа Риҵа иалалоит, идырхәашьуеит, аҟазауаа изларҳәо ала, аӡиа алԥхынрак ихәашьны иаанхар ҟалоит, иара убас акы-ҩба градус раҟара аӡы аԥхарра иацлар ауеит, уи Риҵа аекосистема иаԥырхагахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0