Аҵыҵындраҟәшәара иаԥскымҭоуп: Драндатәи анаплакы аус шауа

Аԥсны уажәааны аҵыҵындраҟәшәара иаԥскымҭоуп, ари аргәыцхкы аазрыхуа анаплакқәа руак Дранда аҳаблан иҟоуп, ара уажәы аусура ҩнапыкла иаҿуп.
Sputnik

Хәышықәса раԥхьа Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблан иаадыртит аҵыҵындрааӡарҭа. Иахьатәи аамҭазы ара аус руеит хышәҩык рҟынӡа аҭыԥантәи анхаҩцәа, иара аарыхырҭа аҵакыра акәзар, 20 гектар иҟоуп.

Афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>> Ааԥыни аԥхыни ирсимволу аргәыц: мышкы Драндатәи аҵыҵындрааӡарҭаҿы