Ааԥыни аԥхыни ирсимволу аргәыц: мышкы Драндатәи аҵыҵындрааӡарҭаҿы

Анапаҵаҩра
Сынтәа ҩынтәуп Драндатәи аҵыҵындрааӡарҭаҿы аҵыҵындра аҽаҩра аанашьҭуеижьҭеи.

Аԥсны аҵыҵындра акырџьара иазҳауеит, ауаа руҭрақәа, рашҭақәа рҿы ахатә ҭыԥ азалхны иҟоуп. Аха иҟоуп аҵыҵындра ззы чахәк аанагогьы, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уи ааӡаразы анаплакқәа аадыртуа иалагеит.

Убас шықәсқәак раԥхьа Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблан иаартын аҵыҵындрааӡарҭа, ара аус руеит хышәҩык рҟынӡа аҭыԥантәи анхаҩцәа, иара аарыхырҭа аҵакыра акәзар, 20 гектар иҟоуп.

Аҵыҵындраҟәшәара иаԥскымҭоуп: Драндатәи анаплакы аус шауа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Аҵыҵындраҟәшәара иаԥскымҭоуп: Драндатәи анаплакы аус шауа

Ари анаплакаҿы ҩ-хкык аҵыҵындра рааӡоит – Ruby Gem-и Albion-и, урҭ даара ихаауп, афҩы лаҳалаҳауа, харантәигьы иуаҳауеит. Ауаа аус руеит ашьыжь асааҭ хәба инаркны шьыбжьон асааҭ акынӡа. Дара ргәы ақәбзианы аус руеит, ауалафахәы ианаамҭоу еиԥҟьарада ироуеит. 

Драндатәи анаплакаҿы изызҳауа аҵыҵындра есхымз аҽаҩра аанашьҭуеит, аӡынразы иаҳа имаҷны. Аусзуҩцәа алшықәсанык аус руеит, избанзар аҵиаақәа ршьапқәа есымша ирыцқьалатәуп, абаџьар ықәгалатәуп.

Еизыргаз аҵыҵындра амҿтәы иашьыкьқәа ирҭарҵоит, ирацәаны ианеизыргалак, атрактор ааины архьшәашәагахь инанагоит, Урыстәылаҟа аҭиразы ирышьҭаанӡа мышқәак ара иҭаҵаны ирымазар ауеит, акгьы ахьӡом. Ара иаадрыхуа аҵыҵындра Аԥсны аџьармыкьақәа рҿгьы ирҭиуеит. Аха аҭыԥ аҟны иааухәозар, кьылак 100-150 мааҭ ҳәа иуоуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАбас ауп Драндатәи анаплакаҿы аҵыҵындра шырыҟәшәо.
Абас ауп Драндатәи анаплакаҿы аҵыҵындра шырыҟәшәо. - Sputnik Аҧсны
1/12
Абас ауп Драндатәи анаплакаҿы аҵыҵындра шырыҟәшәо.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕизыргаз аҵыҵындра хымԥада еилыхтәуп.
Еизыргаз аҵыҵындра хымԥада еилыхтәуп. - Sputnik Аҧсны
2/12
Еизыргаз аҵыҵындра хымԥада еилыхтәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАра ижәбоит аҵыҵындра шааҿырхызҵәҟьа.
Ара ижәбоит аҵыҵындра шааҿырхызҵәҟьа. - Sputnik Аҧсны
3/12
Ара ижәбоит аҵыҵындра шааҿырхызҵәҟьа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵыҵындра зҭарԥсо аиашьыкьқәа атрактор ацраҳәа иақәҵаны иҷыдоу архьшәашәагақәа рахь инаргоит.
Аҵыҵындра зҭарԥсо аиашьыкьқәа атрактор ацраҳәа иақәҵаны иҷыдоу архьшәашәагақәа рахь инаргоит. - Sputnik Аҧсны
4/12
Аҵыҵындра зҭарԥсо аиашьыкьқәа атрактор ацраҳәа иақәҵаны иҷыдоу архьшәашәагақәа рахь инаргоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАра ҩ-хкык аҵыҵындра рааӡоит – Ruby Gem-и Albion-и
Ара ҩ-хкык аҵыҵындра рааӡоит – Ruby Gem-и Albion-и - Sputnik Аҧсны
5/12
Ара ҩ-хкык аҵыҵындра рааӡоит – Ruby Gem-и Albion-и
© Sputnik / Томас ТхайцукАнаплакаҿы аус зуа аҭыԥантәи анхаҩцәа заҵәык роуп.
Анаплакаҿы аус зуа аҭыԥантәи анхаҩцәа заҵәык роуп. - Sputnik Аҧсны
6/12
Анаплакаҿы аус зуа аҭыԥантәи анхаҩцәа заҵәык роуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукУрҭ ашьыжь шаанӡа аусура иалагоит, шьыбжьон ихдыркәшоит.
Урҭ ашьыжь шаанӡа аусура иалагоит, шьыбжьон ихдыркәшоит. - Sputnik Аҧсны
7/12
Урҭ ашьыжь шаанӡа аусура иалагоит, шьыбжьон ихдыркәшоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАусура иагьымариам, аха иагьыцәгьам, ара аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵоуп.
Аусура иагьымариам, аха иагьыцәгьам, ара аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵоуп. - Sputnik Аҧсны
8/12
Аусура иагьымариам, аха иагьыцәгьам, ара аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукИҟоуп ҭаацәаныла аус зуагьы.
Иҟоуп ҭаацәаныла аус зуагьы. - Sputnik Аҧсны
9/12
Иҟоуп ҭаацәаныла аус зуагьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵыҵындра ахаара ишақәнагоу иамазарц азы амра бзианы иабароуп.
Аҵыҵындра ахаара ишақәнагоу иамазарц азы амра бзианы иабароуп. - Sputnik Аҧсны
10/12
Аҵыҵындра ахаара ишақәнагоу иамазарц азы амра бзианы иабароуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАусзуҩцәа рџьабаа зду аҽаҩра иазгәыдууп.
Аусзуҩцәа рџьабаа зду аҽаҩра иазгәыдууп. - Sputnik Аҧсны
11/12
Аусзуҩцәа рџьабаа зду аҽаҩра иазгәыдууп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтракторгьы зыда ԥсыхәа рымам маругоуп.
Атракторгьы зыда ԥсыхәа рымам маругоуп. - Sputnik Аҧсны
12/12
Атракторгьы зыда ԥсыхәа рымам маругоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0