Аԥснытәи аотелиерцәа аԥсшьараз рыхәԥсақәа ладырҟәуа иалагеит

Иӡысаамҭахаз рашәарамза иахҟьаны Аԥсни Ҟрыми ротелиерцәа рыхәԥсақәа рыларҟәра иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Рашәарамзазы ахьҭақәа рыҟалара иахҟьаны Аԥсны аотелиерцәа рыхәԥсақәа рыларҟәра иалагеит, абри атәы азгәанаҭоит аԥсшьараз заанаҵтәи аҭыԥқәа рҿаҵаратә маҵзура TVIL.RU.

Амаҵзура адыррала Гагра аҵыхәтәантәи амчыбжь аҩныҵҟа ахәқәа 5% ирыгхеит. Бжьаратәла Аԥсны иахьаҵанакуа рашәара агәазы анхарҭа-ҭыԥ аҿаҵара ҟалоит уахыки-ҽнаки 2 572 мааҭ ҳәа.

Ҟрым 3 150 мааҭ ҳәа, Краснодартәи атәылаҿацә 2 368 мааҭ ҳәа уԥсы ушьар ҟалоит. Симферополь ахәԥсақәа 18% иладырҟәит.

Амаҵзура ишаҳәо ала абассеинқәеи агәмырҿыӷьырҭақәеи змам аобиектқәа аԥсшьаҩцәа рыда иаанхеит.

Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса рашәара 7-11 рзтәи аҿаҵарақәа инарықәыршәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: