Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахба: ари ашықәсазы шаҟаҩы аԥсшьаҩцәа ҳҭаауа аҳәара макьана иаԥсам

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамыр Ахба
Астамыр Ахба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асасааирҭақәа рхеилак аиҳабы Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа аиҭеит сынтәа Аԥсны миллионҩык инареиҳаны атуристцәа рыдкылара азгәаҭоуп ҳәа аацҳамҭа.

2021 шықәсазы Аԥсны миллионки 100 нызқьҩык иреиҵамкәа аԥсшьацәа Урыстәылантә рыдкылара азгәарҭоит ҳәа иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба апортал TourDom.ru. аинтервиу аҭо. Иара иажәақәа рыла ас еиԥш арбагақәа ыҟан 2019 шықәсазы, аԥкрақәа аналагаламыз. Аԥсныҟа аԥсшьара аара зҭаху рхыԥхьаӡара 10- 20% иацлоит 2021 шықәсазы ҳәа азԥхьагәарҭоит Урыстәылатәи атуроператорцәагьы.

Ахба: ари ашықәсазы шаҟаҩы аԥсшьаҩцәа ҳҭаауа аҳәара макьана иаԥсам

"Ахыԥхьаӡара шаҟа аауа Аԥсныҟа аҳәара хәыҷык иаԥсам ҳәа сыԥхьаӡоит. Дара ахьаанҿасуа аҭыԥқәа ртәы ҳалацәажәозар, лаҵарамза инаркны жьҭааранӡа 100 % рҟынӡа аԥсшьаҩцәа ҩналозар, 700-800 нызқьҩык рҟынӡа аангылар ҟалоит, уи нас шаҟа мшы иаауа атәгьы уахәаԥшыруп. Егьи абжьара, ҽнак иааны ицо ртәы ҳҳәозар, уи атәы хазуп. Уи зхьыԥшу Шәача аҩнуҵҟа атуризм аусқәа шцо ауп, арахь аара агәаҳәара зауа шыҟало еиԥш. Миллионҩык инацны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара атәы ҳҳәозар, 2015-2016 шықәсқәа рзы Урыстәыла акәшамыкәша иҟаз ахҭысқәа ирхырҟьаны (Европатәи аидгыла Урыстәыла аганахьала иаланагалаз асанкциақәа – азгәаҭа), усҟан иҟан ҳәа уалацәажәар ҟалоит", - иҳәеит Ахба.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы аҽазыҟаҵарақәа рҟны аиҵахарақәа зыхҟьар алшо ҳәа ииԥхьаӡо.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0