Асахьаҭыхыҩ Аԥшьа Ҳагԥҳа лусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Аҟәа

Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Аԥшьа Ҳагԥҳа 82 графикатә усумҭа ацәыргақәҵахь иналгеит. Ацәыргақәҵа аус ауеит рашәара 21 - 30 асааҭ 10:00 - 19:00 рзы, ԥсшьарамшыда.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла Аԥшьа Ҳагԥҳа лцәыргақәҵа "Аизҳара" ("Движение"-аред.) аатуеит рашәара 21 азы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

Ацәыргақәҵахь инагоуп аҵыхәтәантәи ашықәс "локдаун" аамҭазы иҭыхыз 82 графикатә стильла иҭыху аусумҭақәа.

"Аамҭа ыҟан аексперементқәа рымҩаԥгаразы, аҽԥышәаразы. Иахьазы исымоу аусумҭақәа ахь иаразнакы сзымнеизаргьы аҽԥышәаратә материал аиура алсыршеит", - лҳәоит асахьаҭыхыҩ.

2020 шықәсазы Аԥшьа Ҳагԥҳа иаԥылҵеит аусумҭақәа рсериа "Аизҳара". Уи ауп ацәыргақәҵагьы хьыӡны иаиуыз.

"Аусумҭақәа аамҭала ҩеижәатәии ҩеижәиктәии аамҭахҵәахақәа аҵанакит. Уи иаанаго ԥхьаҟацароуп, еизҳароуп ҳәа сгәыӷуеит. Аҿиара ҩныҵҟатә ԥсахроуп", - лҳәоит Аԥшьа Ҳагԥҳа.

Аҿыханҵа знапы алаку асахьаҭыхыҩ аграфика лхы иалырхәо далагеит аҵыхәтәантәи ашықәс азы.

 

"Аҿыханҵа зны-зынла иабстракттәуп, аха аиҳарак експрессивтәуп. Сыграфикагьы астандарттә ҟазшьа аҳәаа иҭыҵуеит. Атушьгьы ашәыгақәа реиԥш схы иасырхәоит. Ҩба-хԥа ԥшшәхәы еиласҵоит. Сусумҭақәагьы аҿыханҵа еиԥшхоит", - лҳәоит Ҳагԥҳа.

Аԥшьа Ҳагԥҳа асахьаҭыхра заа дшалагазгьы дсахьаҭыхыҩхарц лгәы иҭамызт.

"Ссахьаҭыхыҩхап ҳәа сыҟамызт. 30 шықәса раԥхьа иахьа сызҿу бнапы алабкуеит ҳәа сарҳәар агәра згарымызт. Аамҭақәак рзы зынӡа саҟәыҵны сыҟан. Азиндырратә ҵара соуит", - лҳәоит лара.

Аамҭақәак рышьҭахь асахьаҭыхра дазыхынҳәит. Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи "SKLAD" аҭыԥ аҟны еиҿыркаауаз ацәыргақәҵақәа дрылахәын.

Ацәыргақәҵа аус ауеит рашәара 21 - 30 асааҭ 10:00 - 19:00 рзы, ԥсшьарамшыда.