Аԥсны афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара еиҭахәаԥшуеит аԥхынтәи аԥсшьара ашьҭахь

Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагоит рашәара 28 асааҭ 00:00 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Аԥсны афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара еиҭахәаԥшуеит аԥхынтәи аԥсшьара ашьҭахь, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу азҭаз "Амшынеиқәафымцамч" афымцацәаҳәақәа реихшаразы амаҵзура аиҳабы Саид Блабба.

Рашәара 28 инаркны Аԥсны афымцалашара уахыки-ҽнаки рыла ҩ-сааҭк идырцәоит.

"Ари аҩыза аамҭеихшара ыҟазаауеит аԥхынтәи аԥсшьара нҵәаанӡа. Уи анаҩс ари аамҭеихшара иаҳа иӷәӷәахар ҟалап", - ҳәа азгәеиҭеит Блабба.

"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ ишазгәеиҭаз ала, иахьатәиала атәылаҿы афымцалашара 6,5 миллион киловат-сааҭ ахархәара амоуп. Егьырҭ ашықәсқәа ирҿҳарԥшуазар 2,5 миллион киловат-сааҭ рыла еиҳауп.

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагоит

"Ишьақәгылаз аҭагылазаашьаз ҳара иаҳбарҭоуп афымцамч азымхара 400 миллион киловат-сааҭ", - иҳәеит Блабба.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа иажәақәа рыла, уахыки-ҽнаки 1500 киловатт сааҭ аҽҭагӡаразы иахьа ф-сааҭк афымцалашара арцәара аамҭеихшара алагалазар ахәҭоуп. Логәуа дшахәаԥшо ала Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра аҭаххоит 2021 шықәса абҵарамза инаркны.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла, Аԥсны афымцацәаҳәақәа ажәит, рҭагылазаашьа нагарҭа амамкәа ибааԥсуп.