Аслан Бжьаниа Аҟәа иршьыз Қьамал Арӡынба иуацәа дырԥылеит

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ԥас иҟаиҵаз Қьамал Арӡынба лаҵара 18 азы Аҟәа дыршьит. Ацәгьа иуит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ауаҩы дырбаандаҩуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Қьамал Арӡынба иуацәа дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара мҩаԥысит апрокурор хада Адгәыр Агрба, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар алархәны. Азинхьчаратә усбарҭақәа рхадацәа еиҭарҳәеит имҩаԥырго ауснагӡатәқәеи аусҭҵаара шцои ртәы.

Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахаҿы ҩымз аҭакра иқәырҵеит

Абри ашьҭахь Арӡынаа рыжәла ахаҭарнакцәа аусҭҵаара шцо азы иргәаанагароу рҳәеит. Бжьаниа иусбарҭаҿы иазгәарҭеит аиԥылараан аультиматум ҟазшьа аманы аицәажәара шыҟамыз.

"Аультиматум аӡәгьы идикылом. Апрокуратура, Аԥсны АШәМ, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеицура мҩаԥыргоит ацәгьоура аарԥшразы, иалахәу рышьақәыргыларази раанкыларази", - ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҿы, иагьацырҵеит алҵшәақәа ауаажәларра ишдырдырхо, раԥхьа иргыланы иҭахаз игәакьацәа.

Қьамал Арӡынба дыршьит лаҵара 18 азы иҩны ашҭаҿы. Адырҩаҽны ауаҩшьра далахәуп ҳәа агәызҩарала даанкылан Баҭал Ԥлиа.