АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу Баҭал Ԥлиа ҩымз аҭакра иқәнаҵеит, ԥхынгәымза 21 аҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Уи аԥхьа, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала Ԥлиа хышықәса иқәнаҵеит абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигози, арҩашьыгатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, адкыларази, иара убас, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәо амаҭәарқәа изакәанымкәа раахәара, ҽаӡәы иҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара ма рныҟәгара" рзы. Аҩнытә ҭакра иқәҵан.
Ԥлиа иҩнатә ҭакра ахьеилеигоз иахҟьаны, уи атәы аарԥшуп лаҵарамза 19, 2021 шықәсазы иаанкылара аԥкаанҵа, уи аҟнытә Ԥлиа ҩымз аҭакра иқәырҵеит.
Аӡбарҭа алкаа ҟанаҵеит Ԥлиа афактқәа реидкылареи рырҵабыргреи рзы аусԥшаарақәа даԥырхагахар алшоит ҳәа.
Қьамал Арӡынба дшьын лаҵара 18 рзы Аҟәа. Уи ашьҭахь ауаҩшьра ҟазҵаз ацәгьоуҩы иаанкыларазы аплан рылҳәан.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла, лаҵарамза 18, асааҭ 17:10 рзы идырым ҩыџьа ахаҿқәа Имам Шамиль имҩа аҩны №6 ахыбахь иқәнеит, уи аҭыԥ аҟынтә Абырба амҩаҟны игылоу ахатәҩны ашҭа иҭаԥшон, амардуан аҟынтәи адәахьы идәылҵыз Қьамал Арӡынба иганахьала хынтә иреиҵамкәа абџьар дҭырҟьеит. Ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟнытәи ацәгьоуцәа амашьына "Toyota Mark X" ала ибналеит. Уи аҽныҵәҟьа ашьаус-оперативтә уснагӡатәқәа ирыбзоураны Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан амашьына былны иԥшаан.