"Амшынеиқәафымцамч": Аԥсны ЕгрыГЕС аҟынтәи иааиуа афымцамчхара жьҭаарамза инҵәоит

Аԥсны рашәара 28 аахыс иалагалоуп аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара аграфик, уахынла ҩ-сааҭк.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсны ЕгрыГЕС аҟынтәи ахы ианархәо афымцамчхара жьҭаарамза анҵәамҭанӡа иазхоит, убри азы иаҭаххоит афымцамч ауааԥсыра рзынашьҭра аԥкра ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" ахада Михаил Логәуа.

Иахьазы уахыки-ҽнаки рыла ахархәара амоуп 6,5 миллион киловатт-сааҭ, иахәҭаны ишьо 4 миллион киловатт-сааҭ ацынхәрас иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит астанциа маҷ "Очамчыра-Ахара" аҟны иҟалаз амцакра ашьҭахь иахәҭоу ахархәагақәа шнагоу, дшақәгәыӷуа хара имгакәа астанциа ҿыц аусура иалагап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: