АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афымцалашара ахә ахьырымшәо ақыҭақәа рҿы арцәара иалагоит ҳәа иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" иатәу афымцаҭиира аусбарҭа аиҳабы Инал Лазба.
"Ишыжәдыруеиԥш атәыла ахада адҵа ҟаиҵеит ақыҭақәа реиҳабацәа амаининг-хархәагақәа раарԥшреиԥш алашара ахәԥса ашәара ахылаԥшразгьы аҭакԥхықәра рыдзарц. Уи иалнаршоит дареи ҳареи ҳаинырны ашәарақәа рызҵаара ҳаӡбарц. Ԥхынгәымзазы қыҭацыԥхьаӡа ҳхаҭарнакцәа нашьҭхоит, абонентцәа аԥара шрылырго еилкаахоит, ауал зду ирацәажәахоит", - иҳәеит иара.
Инал Лазба ҿырԥштәны иааигеит Очамчыра араион Араду ақыҭа. Уа ауааԥсыра ажьырныҳәамза инаркны рашәарамзанӡа афымцалашараз аԥара рымшәеит.
"Ари угәы казыжьша рбагоуп. Ақыҭақәа Џьали Гәыԥи 6 900 мааҭи 8 600 мааҭи еизыргеит ари аамҭазы. Аҭагылазаашьа аҽамԥсахыр ақыҭақәа лашарада иаанхоит. Ма ахәҭак ршәар", - иҳәоит иара.
Лазба иазгәеиҭеит АУН абонентцәа хаҭа-хаҭала афымцалашара рымхра шалымшо аиҳарак ақыҭақәа рҿы. Ахархәара зҭо афымцалашара ахәԥса ашәара иахьазы иуадаҩу зҵаароуп.
"Аԥареизгара адинамика аиуртә аҭагылазаашьа еиҭактәуп", иҳәеит Лазба.
Иара иазгәеиҭеит аиурист хаҿқәа рыбжьара аԥареизгаразы ицәгьам амеханизмқәа шыҟоу.
"Рашәарамзазы уаанӡатәи ашықәс арбагақәа ираԥаагеит. Аԥхынра нҵәаанӡа 2019 шықәсатәи арбагақәа рдинамика ҳазыхынҳәраны ҳаҟоуп. Ианеиҵаха 10% рыла. Алашара ахәԥса зымшәо аиурист хаҿқәа алашара иаҿыгамхарц 100% анзалымша, руал 50% рыла иршәароуп", - иҳәеит иара.
Инал Лазба иара убасгьы иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аусурақәа ишрыцнаҵо абонентцәа рхы иадырхәо афымцалашараз анапынҵадатә хшәаарахь риагаразы, уи аԥареизгара хра шанаҭо.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: