Анқәаб "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу абиуџьеттә еиҿкаарақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкноты номиналом 2000 рублей.
Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны афымцалашара ахархәара киловатт-сааҭк азы 40 копеи иаԥсоуп. Ареспублика аекономика аминистрра анапынҵа аҭоуп мчыбжьык аҩныҵҟа ауалқәа "еилнаргарц".

АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Абиуџьеттә еиҿкааарқәа "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа 93 миллион мааҭ рҟынӡа ауал рықәуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы рашәара 30 азы.

"Ауааԥсыреи аиурист хаҿқәеи афымцалашара ахә ахышәшәаароуп ҳәа раҳамҳәои. Нас ҳара ҳусбарҭақәа изырымшәаларызеи? Ари ҭакԥхықәрадароу аԥара амамзаароу? "Амшынеиқәафымцамч" арҭ аԥарақәа рыла заҟа хкы аанахәарыз", - иҳәеит аԥыза -министр.

Александр Анқәаб аусбарҭақәа руалқәа шаҟа ыҟоу атәы иҳәеит:

АУН "Аҟәатәи аӡыканал" 18 896 000 м
Аҟәа ақалақь ахадара аҵараз Аусбарҭа 3 000 000 м
Атәылахьчара аминистрра 107 000 м
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы 170 000 м
Аԥсны Абанк 131 000 м
Апрокуратура хада 124 000 м
Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура 116 000 м
Агәабзиарахьчара аминистрра 108 000 м
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра 45 000 м
Аспорт азы Аҳәынҭеилакы 39 000 м
Аҟәа араион ахадара 38 000 м
Аминистрцәа реилазаара 30 000 м

Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп ауалқәа анеизаз аамҭеи, урҭ рзы аҭакԥхықәра здуи арбаны адокумент аздырхиарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0