АШәМ аҟны ирҳәеит ԥхынгәы 4 инаркны шаҟа маининг-шьақәгыла аҿыху

Административтә хараԥса рықәҵоуп закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы амаининг-хархәагақәа аҿазкыз аԥшәмацәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Ԥхынгәы 4 инаркны Аԥсны аҵакыраҿы акриптовалиута арҳаразы аус зуаз 2900 маининг-аппарат аҿыхны ашьҭаҵарҭахь инагоуп. Абри атәы аанацҳауеит  Аԥсны шәарҭадаратә маҵзура асаит.

Аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра: аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рылҵшәақәа

Агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа еицымҩаԥыргоит амилициеи, АШәМ-и, "Амшынеиқәафымцамчи", Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа. Акриптовалиута арҳаразы афымцамч закәаншьаҭада зхы иазырхәо раанкыларазы агәаҭарақәа ирыцырҵалоит.

Административтә хараԥса рықәҵоуп закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы амаининг-хархәагақәа аҿазкыз аԥшәмацәа.

Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа. Аӡбамҭа рыдкылан Аԥсны афымцамч ахархәара ахьацлацәаз иахҟьаны.