Аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра: аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рылҵшәақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не
Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Анапаҵаҩра
Акриптовалиута арҳаразы афымцамч закәаншьаҭада зхы иазырхәо административтә хараԥса иқәырҵоит. Афымца ахархәара 300 киловатт еиҳазар 1-3 шықәса аҭакра рықәҵахоит рмазара рымхны.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсны аҵакыраҿы акриптовалиута арҳаразы аус зуаз 1300 маининг-аппарат аҿыхны иқәгоуп аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР.

Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Аҵыхәтәантәи ҩымш рзы Очамчыра араион аҿы 500 маининг-аппарат рымырхит

Агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа еицымҩаԥыргоит амилициеи, АШәМ-и, "Амшынеиқәафымцамчи", Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа. Ԥхынгәы 1 инаркны иԥшааны иаҿыхуп 1296 маининг-шьақәгыла, дара иҷыдоу ашьҭаҵарҭахь ииагоуп ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Гал араион ахатәы ҩнқәа рҟны еиҿкааз хә-криптофермак рыҟны иқәгылаз 89 аппарат аҿыхуп.

Дәрыԥшь ақыҭан иԥшаан 60 маининг-аппарат, Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәеи ашьақәгылақәа аҿырхит.

Иара убас Аҟәа иаарԥшуп 27 шьақәгыла, Алада Ешыреи, Тҟәарчали, Гәылрыԥшьи рҟны иааидкыланы иаҿыхуп 41 аппарат.

Президент Аслан Бжания провел рабочее совещание с участием членов правительства - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Бжьаниа араионқәа рхадацәа амаининг азы аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра шрыдло иҳәеит

Ԥхынгәы 12-13 рзы Очамчыра араион аҿы имҩаԥган изакәанымкәа акриптовалиута арҳаразы ишьақәыргылоу амаругақәа рыԥшаареи рымхреи ирызкыз агәаҭарақәа. Очамчыра ақалақьи ақыҭақәаки рҿы иԥшааны ирымырхит 569 аппарат. Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан ирԥшааит акриптовалиута арҳаразы аус зуаз афермақәа ҩба - 474 маининг-аппарат. Гагра араион иԥшаан 16 шьақәгыла.

Акриптовалиута арҳаразы афымцамч закәаншьаҭада зхы иазырхәоз административтә хараԥса рықәырҵеит. Амчратә усбарҭақәа имҩаԥырго изакәанымкәан акриптовалиута арҳара аанкыларазы агәаҭарақәа ирыцырҵалоит.

Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа. Аӡбамҭа рыдкылан Аԥсны афымцамч ахархәара ахьацлацәаз иахҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0