"АԤРА" аоперациақәа рхышәаҵышәа 10,5 миллиард мааҭ еиҳахеит ашықәс актәи азыбжазы

Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" Аԥсны афинанстә усура иалагеит 2012 шықәсазы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" азеиԥш операциақәа рхышәаҵышәа 10,5 миллиард мааҭ еиҳахеит ашықәс актәи азыбжазы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Абанк асаит.

Аҳәаанырцә ԥарашәаратә системақәа рыхсаалагақәа ишьақәдыргылеит 42%, "АԤРА" – 48%, МИР – 10%.

Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа рыла аоперациақәа рзеиԥш хышәаҵышәа 5,5 миллиард мааҭ ыҟоуп. Уи аҟынтәи миллиардк рҟынӡа абанктә хсаалага "Мир" ала имҩаԥган.

Амилаҭтә банк 2021 шықәсазы аԥаратә еикәыршара ишазҳаз азгәанаҭоит

Ашықәсбжатә еихшьаалақәа рыла атәыла ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рҿы ахсаалагақәа рыла ишәан 2,17 миллиард мааҭ. Есыҽны Аԥсны ауааԥсыра раахәамҭақәа ахә рхыршәаауан "АԤРА" ала.

2021 шықәса алагамҭа инаркны Аԥсны иқәыргылоуп 438 POS-терминал, ареспублика аҵакыраҿы атауарқәеи амаҵзурақәеи абанктә хсаалагақәа рыла ахә рыхшәаара алзыршо.

Иааидкыланы ареспубликаҿы 3000 терминал-шьақәгыла ыҟоуп.