Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит

Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхьынвал имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Анатоли Бибилови Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит атәылақәа руак аҟны, абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Анатоли Бибилов Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан.
Бибилов Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа рхыхтәуп ҳәа ирҳәо азы ахҳәаа ҟаиҵеит
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Иусбарҭаҿы асабша нанҳәа 7 рзы имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа реиԥылара.
Аԥсуа делегациа Аахыҵ Уаԥстәыла иаҭааит 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Ари Аслан Бжьаниа атәыла ахада иаҳасабала Аахыҵ Уаԥстәылаҟа раԥхьатәи инеира ауп.