Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит
Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхьынвал имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Анатоли Бибилови Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит атәылақәа руак аҟны, абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Анатоли Бибилов Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан.
Встреча Абхазской делегации в Южной Осетии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Бибилов Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа рхыхтәуп ҳәа ирҳәо азы ахҳәаа ҟаиҵеит
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Иусбарҭаҿы асабша нанҳәа 7 рзы имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа реиԥылара.
Аԥсуа делегациа Аахыҵ Уаԥстәыла иаҭааит 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Ари Аслан Бжьаниа атәыла ахада иаҳасабала Аахыҵ Уаԥстәылаҟа раԥхьатәи инеира ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0