Бибилов Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа рхыхтәуп ҳәа ирҳәо азы ахҳәаа ҟаиҵеит

© SputnikВстреча Абхазской делегации в Южной Осетии
Встреча Абхазской делегации в Южной Осетии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Анапаҵаҩра
Цхьынвал имҩаԥысуеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рделегациақәа реиԥылара. Аԥсуа делегациа Аахыҵ Уаԥстәыла иаҭааит 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов мраҭашәаратәи тәылақәак Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа рхыхразы иҟарҵаз ааԥхьара цәаԥҽыгоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аԥсуеи аахыҵ-уаԥстәылатәи аделегациеи реиԥылараан Бибилов, Аслан Бжьаниа иахь ихы рханы иҳәеит дара арахь раара ишьаарҵәыроу арыцхә 2008 шықәса нанҳәа 7 ауха иҟалаз ахҭыс еиқәаҵәа иахьадҳәалахаз азы ргәы ишалоу. 
"Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рганахьала иаиуз ацәыӡ акгьы иазырҽеиуам. Иахьа мраҭашәаратәи тәылақәак ҳхьыԥшымра мап ацәктәуп ҳәа ирҳәо цәаԥҽыгоуп. Арратә цәгьоуҩы Саакашвили аӡбарҭа иаҭара аҭыԥан, Урыстәыла ҳажәларқәа ахьеиқәнархаз азы ахара рыдырҵоит", - иҳәеит Бибилов.
Бжьаниа иакәзар, нанҳәа 8 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа раан ауаԥсаа иаадырԥшыз афырхаҵара ахә ҳаракны ишьеит. 
"Сара сгәы иалоуп ҳәынҭқарратә усзуҩцәақәак, Қырҭтәылагьы убрахь иналаҵаны, уи ахҭыс ашьҭахь иақәнагаз алкаақәа ахьыҟарымҵаз. Дара рхатәы знеишьа рымоуп, ҳара ҳакәзар - амҩа иаша ҳануп. Ҳара иаҳҭаху - аҭынчроуп, убри азы ҳаинтересқәа ҳахьчалоит Урыстәыла адгыларала. Аамҭа цәгьақәа ҳарҭагылан, аха иҳалшазгьы ыҟоуп. Ҳхьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь ҳаԥхьа ицәырҵыз алашарақәа даҽакхеит, урҭ ҳхы ишақәнагоу иаҳархәароуп", - иҳәеит иара.
Аҩҳәынҭқаррак рхадацәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
Аԥсны ахада уаԥстәылатәи иколлега ҳамҭас ииҭеит аԥаҭхь, агәыӷрагьы ааирԥшит, уи абзиара иазкны аныҳәаҿақәа алашьҭихлоит ҳәа.
Бибилов иакәзар, Бжьаниа ииҭеит ажәытә милаҭ асарматцәа ажәылара аԥхьа ашьтәа шьны ианныҳәоз атәы аазырԥшуа аскульптуратә композициа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Цхьынвал имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Бжьаниеи Бибилови реиԥылара
Ажәабжьқәа зегьы
0