Аԥсны акоронавирус аԥырҟәҟәааразы аԥкрақәа дырӷәӷәеит

Иацы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Акоординациатә штаб аилатәараан иҳәеит Аԥсны акоронавирус азы аҭагылазаашьа цәгьоуп, аха иҭышәынтәалоуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аковид аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рырӷәагәаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб нанҳәа 12 рзы иҟанаҵаз аӡбамҭа дақәныҟәаны, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аусԥҟа инақәыршәаны, иҟалом:
Иара убас ауаажәларратә транспорти атаксии рныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ахыхьчаратә хархәагақәа (асабрадақәа) хымԥада рхы иадырхәароуп. Есҽны атранспорттә хархәагақәа рҟны арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡалароуп. Афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа Аҟәеи Аԥсны араионқәеи рҿы есыҽны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргалароуп. Аҭиҩцәа (аусуҩцәа) хымԥада ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи анапхаҵақәеи) ныҟәыргалароуп.
Акоординациатә штаб аковид аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа рӷәӷәатәуп ҳәа абжьгара ҟанаҵеит
Уи адагьы есымчыбжьатәи арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаалароуп астационартә хәаахәҭратә хыбрақәа, абылтәыҭаҭәарҭақәа, ааглыхратәии ауаажәларратәии хыбрақәа. Убри аан ахыхьчагақәа (амедицинатә сабардақәеи анапхаҵақәеи) ныҟәзымго русуҩцәа аусура инармышьҭлароуп.
Адокумент инақәыршәаны Агәабзиарахьчара аминистрра анапы иануп Аԥсны ахадеи Аминистрцәа реилазаареи есыҽны адырра рырҭаларц COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара аиҭалагара инаркны алаҵаҟаҵара амҩаԥысшьазы, Агәабзиарахьчара аминистрреи аҳәынҭқарратә мчра азинмчра змоу аусбарҭақәеи аепидмаҵзуреи аганахьала ахылаԥшра дырӷәӷәарц ауаажәларратә ҭыԥқәа-ақьафурҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа уҳәа егьырҭ ахыбрақәа Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа COVID-19 аламҵәарц аепидемиологиатә уснагӡатә ҿыцқәа шынарыгӡо азы адырра рырҭаларц.